Амиллиардқәа рус: ишԥаҭырҵаауеи Аԥсны аекономикатә цәгьоурақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура.
Прокуратура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахылаԥшратә палата 2014 шықәса раахыс аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Аревизиатә усбарҭа иаанарԥшыз аекономикатә цәгьоурақәа аҳәынҭқарра миллиардла аԥхасҭа арҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны Ахылаԥшратә палата Апрокуратура хадахьы инанашьҭит 38 материал, 2014-2020 шықәсқәа рызтәи агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла. Урҭ рҟынтәи быжь-усҭҵаарак хацыркуп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ахылаԥшратә палата аиҳабы Роберт Аршба.

Аревизиатә усбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла арҭ аматериалқәа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа русурақәа ирзырхоуп. Аарԥшрақәа ирхыԥхьаӡалоуп: абиуџьеттә ԥарақәа хра рымамкәа, хықәкыда рныхра, ашәахтә закәанԥҵара аилагара, аҳасабеилыргаратә закәанԥҵара аилагара, аҳәынҭқарратә мазара ииашамкәа ахархәара уҳәа егьырҭгьы. Аҳәынҭқарра аԥхасҭа акәзар миллиардк инеиҳаны иҟоуп.

"Арҭ 38 материал аус рыдулатәуп. Ауаажәларра рҿгьы алацәажәара змоу аусқәа ртәы жәдыруеит. Урҭ ируакуп аминистрра аекономика анапаҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" афинанс-нхамҩатә усура, уи адагьы имаҷым зыӡбахә уҳәаша егьырҭ аобиектқәагьы. Иҟоуп макьаназ изхәамԥшыц аматериалқәагьы, акалмаҳааӡарҭатә нхамҩа иазку еиԥшу. Ари аус апрокуратурахь инаҳашьҭыз ираԥхьатәиуп, аха макьаназы лыҵшәа амам. Ари анхамҩа аҿиара иазынашьҭын шә-миллион мааҭ, арахь ҟаҵа ыҟаӡам", - иҳәеит Аршба.

Убри аан иҟоуп ихыркәшоу аматериалқәа, иаҳҳәап "Абхазсельхоз заготовка" аус.

"Сгәаанагарала аус ахыркәшарахь инеихьеит. Аҭакԥхықәра здыз ауаҩы иус ӡбоуп, 300 000 мааҭ ахараԥса иршәоуп. Абиуџьеттә кредит, 9 миллионки 800 нызқьмааҭ иҟоу атәы ӡбам, аха уи ҳара ҳакәым зус алоу. Ахылаԥшратә палата уи аҩыза азинмчрақәа амаӡам", - иҳәеит Роберт Аршба.

Аршба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусбарҭа еснагь аинформациа ныҭкааны ишамоуа, аԥшьбаратә ҳасабырбақәа шхыркәшам, аихшьаалақәа шыҟаҵам. Ари аревизиатә усбарҭа аусура ԥнакуеит, аамҭа агоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0