Бжьаниа атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы "Ахьтәы Парламент" адепутатцәеи еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Аслана Бжания с Парламентом Абхазии
Встреча Аслана Бжания с Парламентом Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 29 рзы "Ахьтәы Парламент" адепутатцәа идикылеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа атәылаҿ иҟоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, амаинингқәа рхархәареи аенергосистемеи рыпроблемақәа рылацәажәаразы "Ахьтәы Парламент" адепутатцәа дрыҿцәажәеит.

Атәыла ахада игәаанагарала иааиуа амчыбжь азы адепутатцәа акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы аҭакԥхықәра ақәыршәараз азакәан апроект иахәаԥшраны иҟоуп.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аенергосистема апроблема хадақәа дрылацәажәеит

Бжьаниа дазааҭгылеит атәылаҿы акоронавирустә ҭагылазаашьа. Иара иажәақәа рыла апандемиа аҿагыларазы ареспублика миллиардбжак ахарџь ҟанаҵахьеит. Урҭ рҟынтәи 260 миллион мааҭ аҳәынҭқарратә биуџьет иатәуп, 70 миллион мааҭ абизнесуаа еизыргеит, 40 миллион мааҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аԥсуа диаспореи ирхарџьуп.

Аслан Бжьаниа иҳәеит аҵаратә процесс ацҵара шазыԥхьагәаҭо аԥхынтәи амзақәа: рашәара, ԥхынгәы рацҵарала. Иара ишиҳәо ала аҵаратә процесс ашколқәа рҿы ашәарҭадаратә нормақәа ирықәныҟәаны иацҵахоит.

Аиԥыларахь инаԥхьан Валери Кәарҷиа, Наҭелла Акаԥҳа, Алеко Гәарамиа, Емма Аҩӡыԥҳа, Олег Дамениа, Валери Ӷәырџьуа, Леонид Лакербаиа, Сергеи Шамба уҳәа егьырҭгьы.

30 шықәса раԥхьа, 1990 шықәса ԥхынҷкәын 24 рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс раԥхьаӡа акәны аԥсуа– Владислав Арӡынба далхын. Ааԥхьара адепутатцәа аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгыларазы акрызҵазкуаз адокументқәа рыдыркылеит. Ари ааԥхьара "Ахьтәы Парамент" ҳәа хьӡыс иаҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0