Аԥсны ахада Урыстәылеи Аԥсни рырратә усеицура аҵак ду шамоу иҳәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин цәыббра 23 2019 шықәса рзы анапынҵа ҟаиҵеит ареспублика ашәарҭадаразы Аԥсны Арратә мчқәа рмодернизациа аԥаразоужьра мҩаԥгазарц азы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи рырра-техникатә усеицура рӷәӷәалатәуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 29 рзы Апарламент актәи ааԥхьара адепутатцәа данырԥылоз.

Ахада иҳәеит Апарламент дрыцалацәажәарц шигәиҭо арратә усх аҟны аусеицуразы аратификациа зызуым адокументқәа рганахь ала.

Зенитчики ЮВО на Северном Кавказе отразили ракетно-авиационный удар условного противника - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рыруаа аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Сара аҭынчра алзыршоны ҳәа иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчрақәа рыда уаҩ дсыздырам. Иҳаздырхо анапы мап ацәкра аналымшо ҭагылазаашьоуп", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иажәақәа рыла Аԥсны арратә мчқәа иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа ихагалатәуп, техникала еиқәыршәатәуп.

"Аказарматә фонд иахәҭоу аиԥш иҟаҵатәуп, арра инаԥхьоу аҿар чмазҩымхарц. Рыфатә-рыжәтә ахаҭабзиара амазароуп. Иԥханы еилаҳәазароуп. Ишахәҭоу аус аиҿкааразы 7 миллиард мааҭ еиҵамкәа иаҭахуп", - иҳәеит иара.

2019 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи ареспублика арратә мчқәа рмодернизациаз аныхрақәа аԥара рзоужьразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны ар ҳаамҭазтәи абџьар ала реиқәыршәара, материал-техникала реиҿкаара.

Аԥсны ар рахь иаҵанакуеит анапхгаратә усбарҭақәа, аршьаҟауаа, арра-ҳаиртә мчрақәа, анапынҵа ҷыда змоу аҟәшақәа. Аԥсуа ар азыхиоуп адгьыл, ажәҩан, амшын рыҟны иарбанызаалак рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатә амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0