Гагра Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лыӡразы ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьаусеилыргара ҷыдала хылаԥшра арҭоит Аԥсны апрокуратура хада аусеиларгара аусбарҭа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Гагра араион апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс Е.Федотова лыӡразы ашьаус хацнаркит, абри атәы азгәаҭоуп Аԥсны апрокуратура хада асаит аҟны.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Гагра иӡыз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп

Елена Федотова хабарда дыӡит ҳәа Гагра араион ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит ажьырныҳәа 18 рзы. Аусбарҭахь адырра ҟалҵеит Федотова лҩыза, Нижни Новгород инхо. Лара илҳәеит лҩыза ажьырныҳәа 17 асааҭ 22:30 лхабар ыҟам ҳәа.

Ажьырныҳәа 26 рзы атуристка лыӡра инадҳәыланы Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 1 ахәҭа 99 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҭыԥ амоуп ҳәа иԥхьаӡаны (гәҭакыла ауаҩшьра).

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

Ашьаусеилыргара ҷыдала ахылаԥшра арҭоит Аԥсны апрокуратура хада аусеиларгара аусбарҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0