Араионтә штабқәа амаининг аҿагыларазы мчыбжьыктәи русура ахада иҿаԥхьа еихыршьалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМайнинг
Майнинг  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы атәыла ахада араионқәа рҿы изакәанымкәа афымцалашара ахархәара аанкыларазы аоперативтә штабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит, уи азы алҵшәақәа ртәы мчыбжьык иалагӡаны иҟалароуп ҳәагьы реиҳәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионтә оперштабқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи алархәны аиԥылара мҩаԥыргеит изакәанымкәа акриптовалиута амаининг ахылаԥшра азҵаара иазкны.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иҳәеит аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы заҟа аԥара аҭаху

Гагра араион ахада иажәақәа рыла, ажьырныҳәа 23 инаркны 32 криптоферма аҿыхын, зеиԥшла 26 мегаватт афымцамч ахы иақәиҭтәын, алашара џьара ԥхасҭак ҟалар ауп иандырцәо.

Гәдоуҭа араион аҟны иаҿыхын 37 криптоферма. Зеиԥшла ахы иақәиҭтәын аа-мегаваттк. Аха убри аан "Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи аҟәша ахаҭарнак иҳәеит 34 криптоферма ракәын иаҿыхыз ҳәа. Атәыла ахада игәамԥхеит гәдоуҭатәи аоперштаб алахәылацәа рарбагақәа ахьеиқәымшәаз, иара убас "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнак ажьырныҳәа 22 раахыс араион аҿы афымцалашара андырцәо аамҭеи шаҟа аамҭа ицәаны иҟоуи ҳәа ииҭаз азҵаарагьы аҭак ахьизыҟамҵаз.

"Даҽазнык абас ишәҳәо еиқәымшәар, шәызҵаара даҽакала иӡбахоит. Абри аҩыза еиқәымшәо аинформациа аиура сара исҭахӡам, шәҽазыҟаҵаны шәааилароуп. Ицәырымҵроуп шәара зҭак шәзыҟамҵо зҵааракгьы", - иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжания посетил диспетчерскую  Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аенергетикцәа имҩаԥырго аус азакәаншьаҭа аиуеит

Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба иажәақәа рыла, иаҿыхын 43 ферма, урҭ рахьтә ҿыц зҽаԥызшьыз ҳәа акгьы аарԥшым. Аха убри аан иара иазгәеиҭеит араионтә оперштаб ақыҭақәа зегьыҵәҟьа рхысра ишахьымӡац.

Аҟәатәи араион аҿы ажьырныҳәа 22 рҟынӡа 32 криптоферма аҿыхын, анаҩс ахада иҿы аилатәара ашьҭахь даҽа 11 ԥшаан ахатәыҩнқәа рҿы. Урҭ зегьы раҿыхра ашьҭахь, араион аҿы ф-мегаваттк афымцамч ахы иақәиҭтәын.

"Ақыҭақәа рхадацәа есҽны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиуеит, аҳасабырбақәа ҟарҵоит. Џьара-џьара ауаа уахьынармышьҭуагьы ыҟоуп, аха акаҿы ҳааибагарц ҳаҿуп", - иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, иаарԥшын 13 маининг-маругак, урҭ рахьтә акы - аӡәы иҩны иқәгылан, даҽа 12 - атехникатә маҵзура астанциаҟны. Ауааԥсыра алашара еиԥҟьарада ироуеит.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны
Амаинингқәа рԥеиԥш, мамзаргьы - ухыза заҟароу дырны ушьапы еиҵых

Гәылрыԥшь араион аҿы ажьырныҳәа 22 рзы афымцамч ахархәара 41,3 мегаватт иҟан. Мчыбжьык иалагӡаны 20 криптоферма ахьаҿыхыз иабзоураны афымцамчхара лаҟәхеит 10,6 мегаватт рыла, убри аан анорма 33 мегаватт иҟоуп. Аамҭа-аамҭала алашара арцәарақәа ыҟам, уаанӡатәи ашықәсқәа раан еиԥш иҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа.

Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба иажәақәа рыла, ажьырныҳәа 22 рҟынӡа араион аҟны азеиԥш фымцамчхархәара иартәон 31 мегаватт. Мчыбжьык иалагӡаны иаҿыхын ззеиԥш мчхара 5,8 мегаватт артәоз акриптофермақәа.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҟны акриптофермақәа рыԥшааразы аус руан 15 бригада. Зынӡа ирԥшааит 904 критомашьына, урҭ рахьтә аус зымуаз асасааирҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи рҟны иԥшаақәаз ыҟан. Амаинингтә аппаратқәа ахьырԥшаауаз иреиуан иара убас 483 уаҭах, 603 хатәыҩны, 130 ҩнаҵаҟеи ахыбқәеи.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аенергосистема апроблема хадақәа дрылацәажәеит

"Ҳусура алҵшәақәа рыла, ҳара ҳфымцамчхархәара 2 – 2, 5 мегаватт раҟара иагхар акәын. Аха ажьырныҳәа 29 рызтәи аҭагылазаашьала уи лаҟәит 15,8 мегаватт рыла. Абас ирацәаны алаҟәра мзызс иамоу макьана еилкаам, избанзар уиаҟара мыруга ҳамбаӡеит. Абригадақәа макьана русура иацырҵоит", - иҳәеит Ешба.

Иара излазгәеиҭаз ала, уи аилкаара ахьрылымшо зыхҟьо аҳҭнықалақь астанциақәа рҟны ахылаԥшреи аҳасаббареи ҟазҵо асистема ахьыҟам ауп.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит хаҭала раионцыԥхьаӡа дшырҭаауа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡои араион ахадеи дрыцны, иагьшгәеиҭо иааргаз ахыԥхьаӡарақәа ахьынӡаиашоу.

"Шәара ишәҳәази ҳара иаҳбои еиқәшәозар ауп. Ус анакәымха, шәгәы иалсуа аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит. Уажәазы абри аҩыза азнеишьада ԥсыхәа ыҟам", - иҳәеит атәыла ахада.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар араионтә оперштабқәа рлахәылацәа иҟарҵаз аҳасабырбақәа рылҵшәақәа шԥаубо ҳәа атәыла ахада иқәиргылаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит ишигәамԥхаз. Анаҩс аилатәара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР ахада акриптовалиута аиуразы ахараԥса алагалара ахәшьара аиҭеит

Ԥыҭрак ашьҭахь атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, Аслан Бжьаниа араионтә штабқәа аус шыруц ируларц адҵа риҭеит.

Иҳаҩсыз ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионқәа рҟны амаининг изакәанымкәа ахархәара аҿагыларазы аоперативтә штабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит. Урҭ аштабқәа реилазаара иалоуп араион ахада (аштаб анапхгаҩы), амилициа аҟәша аиҳабы, апрокурор, аенергетик.

Мчыбжьык иалагӡаны араионқәа рҟны афымцамч ахархәара лаҟәымхар, араионқәа рхадацәа, амилициа аҟәшақәа реиҳабацәа, апрокурорцәа, аенергетикцәа - зегьы лахь рыҭахоит, иааиуа ашәахьаҽны - русура иамххоит иҳәеит усҟан ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0