Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара хацнаркуеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраП/к, посвященная выпуску биометрических загранпаспортов
П/к, посвященная выпуску биометрических загранпаспортов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус алаҵәара алмыршаразы аконсултә ҟәшахьы ауаа нарышьҭлоит амедицинатә сабрадақәа рхаҵаны, знык ала ԥшьҩык иреиҳамкәа, асоциалтә дистанциа ҟаларц азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Жәабран 1 инаркны Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҟны аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара хацдыркуеит ҳәа Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵоит Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Иазгәаҭоуп егьырҭ аконсултә маҵзурақәа макьана акгьы шымҩаԥырымго.

Имазеиу адокументқәа 9.00 инаркны 12.45 рҟынӡа иугар ҟалоит, абри аамҭа ашьҭахь аконсултә ҟәша аркызаауеит.

Акоронавирус алаҵәара алмыршаразы аконсултә ҟәшахьы ауаа нарышьҭлоит амедицинатә сабрадақәа рхаҵаны, знык ала ԥшьҩык иреиҳамкәа, асоциалтә дистанциа ҟаларц азы.

Ацҳаражәҳәарҭаҟны иазгәарҭоит арҭ аԥкрақәа урықәымныҟәар ада ԥсыхәа шыҟам, аха урҭ аамҭала шакәу ишалагалоу. Урҭ ззырхоу ауааԥсыра ршәарҭадара ацклаԥшра ауп рҳәеит.

Ажьырныҳәа 11 2021 шықәса инаркны Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ауааԥсыра рыдкылара иаҟәыҵит атәылаҿы аԥкра ҿыцқәа ахьалагалаз азы. Апандемиа ҟалеижьҭеи аконсултә ҟәша изныкымкәа иадыркхьеит, аус анауазгьы, ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рмаҷны, амедицинатә сабрадақәа рхаҵаны мацара ирыдыркылон.

Ажәабжьқәа зегьы
0