Аслан Бжьаниа аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит

© Sputnik / Асмат Цвижба Аслан Бжания посетил перепадную станцию "ГЭС-1" в Ткуарчалском районе
Аслан Бжания посетил перепадную станцию ГЭС-1 в Ткуарчалском районе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабша ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аслан Бжьаниа даҭааит Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы усутә ныҟәарала дахьцаз.

© Sputnik / Асмат Цвижба Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа ГЕС-1 даҭааит - Sputnik Аҧсны
1/2
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит
© Sputnik / Асмат Цвижба Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа ГЕС-1 даҭааит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит
1/2
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит
2/2
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы иҟоу аӡхыҽҽатә станциа "ГЕС-1" даҭааит

Уахыки-ҽнаки рыла астанциа 40 мегаватт афымцамч аанашьҭуеит. "ГЕС-1" абассеин аӡиасқәеи ЕгрыГЕС аҟынтәи арахь ҷыдала иаашьҭу аканал ала иаауа аӡи рыла ихаҭәаауеит.

Уаанӡа ари астанциа иаанашьҭуаз афымцамч Аԥсныҟа еиԥш, Қырҭтәылаҟагьы ицон. Иахьатәи аамҭазы "ГЕС-1" Аԥсны мацароуп фымцалашара еиқәнаршәо, Қырҭтәылаҟа афымцалашара злацоз аканалқәа аҿыхуп.

Олимпийский проект - байдарочники в Гале  - Sputnik Аҧсны
Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Атәыла ахада иара убас даҭааит аӡхыҽҽатә станциа амашьынатә залгьы, ароуп афымцамч аиуразы агенераторқәа аус ахьыруа. Аслан Бжьаниа урҭ русушьа асхема атәы дазҵааит.

"ГЕС-1" абассеин - Галтәи аӡеизакырҭа ауп, иара ахьдуу азы аҭыԥантәи ауааԥсыра амшын ҳәа ахьӡырҵеит. Асовет аамҭақәа раан ара аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа (баидарочники - аред.) аолимпиатә хәмаррақәа рзы рҽазыҟарҵон, иара убас 250, 500, 1000 метра иҟоу аиндаҭларақәа рзы СССР ачемпионатқәа мҩаԥысуан. Ара аҽазыҟаҵарақәа зегьы иреиӷьын, избанзар ашьхантәи иӡыҭны иаауаз арҩашқәа ари аӡеизакырҭаҿы зладырҭәуаз ала, уи аӡы еиҳа ихьанҭан аицлабрақәа раан рхы иадырхәоз аасҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0