Гагра аԥстәқәа уманы уԥсы ушьар ахьауа иреиӷьу ақалақьқәа хԥа иалашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСобаки
Собаки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Анапаҵаҩра
Есышықәса адунеи аҿы аԥстәқәа змоу атуристцәа ахьрыдыркыло аԥсшьарҭаҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.

АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсуа курорт Гагра 2021 шықәса рзы аԥстәқәа зыцны иныҟәо атуристцәа иалыркаауа ақалақьқәа рыжәаба ирылашәеит ҳәа аанацҳауеит аԥсшьараз анхарҭақәа заанаҵы аҿаҵаратә маҵзура Tvil.ru.

Амаҵзура адыррақәа рыла аԥстәқәа зцу аԥсшьаҩцәа аотельқәа роуп еиҳа иалырхуа (68%), ауадақәеи аҩнқәеи алызхуа 15% роуп иҟоу. Арҭ рҩызцәа атуристцәа еиҳарак 5 у/ҽ роуп ианаангыло, убри аан аԥстәқәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьа азхьаԥшра ҷыда арҭоит.

Tvil.ru аҟынтәи аԥстәқәа уманы уԥсы ушьар ахьалшо иреиӷьу ақалақьқәа абас еиқәыԥхьаӡоуп:

  • Иалта - 15%
  • Шәача - 11%
  • Гагра - 10%
  • Петрозаводск - 9%
  • Санкт - Петербург - 8,5%
  • Ростов-на-Дону - 7,5%
  • Москва - 5,7%
  • Зеленоградск - 5,2%
  • Казань - 5%
  • Осташков- 4,25%

Иахьатәи аамҭазы аԥстәқәа змоу аҭаацәарақәа, дара уаҩԥсык иеиԥш ирзыҟоуп. Абри азгәаҭо, есышықәса адунеи аҿы аԥстәқәа змоу атуристцәа ахьрыдыркыло аԥсшьарҭаҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0