Аӡбаҩ иқәгара: Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус ахәаԥшра иалагеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Суд по делу Анзора Тарба
Суд по делу Анзора Тарба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба иԥсҭазаара иалҵра зхароу ҳәа ишьаз зегь рганахь ала ахарахыхра ҟанаҵеит абҵарамзазы. Апрокуратура хадеи ааха зауз игани ари аӡбамҭа иахашшааит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиаҿы.

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа аӡбаҩ Роман Кәарҷиа Аԥсны ААР ахыбраҿы зыԥсҭазаара иалҵыз Анзор Ҭарба иусӡбараҟынтә дықәгазарц аӡбра аднакылеит.

Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2020
Апрокуратура хада Ҭарба ишьразы аус шырӡбаз закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит

Аӡбаҩ Роман Кәарҷиа иқәгараз иқәгылеит аҳәынҭқарратә харадҵара ахаҭарнакцәа. Апрокурор Ельвира Хазириши лажәақәа рыла 2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа аӡбамҭа идкылан ахара рхихит Аутлев, Кулов, Џьыкырба, Ҷедиа. Инари Романи Кәарҷиаа ахьеижәлантәқәоу азы аус аҭҵаараан аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьа аинтерес змоу хаҿуп, убри азы аусҭҵаара далгатәуп.

Ахьчаратә ган уи мап ацәнакит, избанзар Инари Романи Кәарҷиаа реиуара шьақәыргыламызт.

"Ҳара иаадыруеит дара жәлак ишеицатәу. Аԥсны ҳанхоит, ҳауаажәларра зеиԥшроу аадыруеит. Жәлак еицызмоу шеиуацәоу дыруп. Урҭ руаӡәк идикылаз аӡбамҭагьы егьи обиективла дзазнеиуам",- лҳәеит Хазириши.

Ахара зхыху Аслан Ҷедиа идукат Нино Қорсаиаԥҳа иазгәалҭеит жәлак аицхызаара аиуацәара ҳәа ишьатәым ҳәа. Аиуацәара официалла ишьақәырӷәӷәазароуп. Уи илыдгылеит егьырҭ адукатцәагьы. Роман Кәарҷиа иакәзар иҳәеит ари аус интерес ҳәа акгьы шизалам.

Аӡбра адкыларазы Ахашшааратә коллегиа алахәылацәа аилацәажәаратә уадахь инеиит. Сааҭк ааҵуаны аӡбаҩ Маиа Кәыҵниаԥҳа Кәарҷиа аус иалгара адгылара алҭеит. Генри Гамисониа уи мап ацәикит. Закәанла абжьқәа анеиҟароу амапкра аԥыжәара арҭоит.

1969 шықәса рзы ииз Анзор Тарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз, 1969 шықәса рзы ииз Анзор Ҭарба иԥсҭазаара далҵит.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2021
Омар Мерцхәылаа иӷьычразы аус Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа иаҭоуп

Ҭарба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аус иалахәыланы иԥхьаӡан Аԥсны ААР аусзуҩцәа: Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгур Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.

2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгур Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡан, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәыркырак ыҟам ҳәа ахьазырыԥхьаӡаз азы.

Абҵара 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭарба иԥсра аус азы гәҩарас иҟаз ауаа ахара рыдым ҳәа ианариаша ашьҭахь ақәҵара аднакылеит ззинмчқәа ишахәҭаз иназмыгӡаз Апрокуратура хада аусзуҩцәа рымшала акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкыланы иҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа закәаным иагьҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡеит, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь иашшит.

Ажәабжьқәа зегьы
0