Аԥсны алаҵа "Спутник V" аиур аналшо еилкаахеит

© Sputnik / Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарт вакцинации от коронавируса в Казахстане
Старт вакцинации от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ажьырныҳәа 24 инаркны ачымазараҿкы ахҭысқәа шеиҵахо атәы азгәарҭеит.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акоронавирустә инфекциа хызҽуа алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа аашьҭра иазыԥшуп жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы ҳәа иҳәеит адепутат Алхас Џьынџьал Апарламент аизараҿы.

"Аԥхьатәи азыҳәа нашьҭын аԥхынразы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иаҳмоуит. Убри инадҳәаланы Аҳәынҭдумахь ҳколлегацәа ашәҟәы рзаҳашьҭуеит аус дырццакырц", - ҳәа иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит алаҵа "Спутник V" – зыгәра угаша шакәу.

Аԥсны Урыстәылаҟа алаҵа аиуразы 2020 шықәса цәыббрамзазы азыҳәа нанашьҭит. Иазԥхьагәаҭан 15 - 20 нызқь доза алаҵа аиура.

Ажәабжьқәа зегьы
0