Очамчыра иӡыз аӡӷаб дрыԥшааит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ирыҵаркуа амилициа аҟәшақәа русзуҩцәа иӡыз аӡӷаб лыԥшаара иаҿын.

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәабран 3 аҽнышьыбжьон иӡыз 2008 шықәса рзы ииз Очамчыра инхо Александра Гәарамиаԥҳа дрыԥшааит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

Уаанӡа дызбаз ауаа изларҳәоз ала, аӡӷаб ҽынла асааҭ 12 рзеиԥш лыҩны ддәылҵын, аус зымуа ачаифабрика шыҟоу лхы рханы дцеит. Иара убас ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, Очамчыра инхо Инал Гамахариа, 2001 шықәсазы ииз, уи ахырхарҭала дышцаз рбеит.

Аминистр ицхырааҩ иажәақәа рыла, аӡӷаб дыҭҟәаны дызмаз Инал Гамахариа даанкылоуп. Иаҳа инарҭбаау аинформациа аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иҟарҵоит.

Иӡыз аӡӷаб лыԥшаара иаҿын Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ирыҵаркуа амилициа аҟәшақәа русзуҩцәа, акинологиатә маҵзура аусзуҩцәа, СОБР аҟәша.

Аԥшааратә операциа напхгара хаҭала иазиуан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0