Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов

© Sputnik / Natalia Airiyan Траурное мероприятие в музее сожженных душ
Траурное мероприятие в музее сожженных душ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов жәабран 6 рзы ихыҵит 51 шықәса. Атәыла хадас дыҟоуп мшаԥымза 2017 шықәса раахыс.

АҞӘА, жәабран 6-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада 51 шықәса ихыҵит.

"Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа! Аԥсны жәлар рыхьӡалеи хаҭала сыхьӡалеи шәирамш шәыдысныҳәалоит. Шәара аҳәынҭқарратә усзуҩуп, шәыԥсҭазараа зегьы шәыԥсадгьыл амаҵ азуреи, ахьыԥшымра арӷәӷәареи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рырҿиареи иазышәкит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Бибилов Аԥсны ҳаҭырла ишизыҟоу, аполитикатә усзуҩ иаҳасабала, аиашьаратә республикақәа рыбжьара аимабзиара арӷәӷәараҿы илагалазы.

Аԥсны ахада иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи ақәҿиарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0