Ахара ихәыцуа арҿиаҩы: Заира Ҭҳаиҵыкә 55 шықәса лхыҵит

© Foto / из архива Заиры ТхаицукЗаира Тхаицук
Заира Тхаицук - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа длыҿцәажәеит апоет Заира Ҭҳаиҵыкә.

- Заира, бара ааигәаӡа 55 шықәса бхыҵит! Ари апоет изы даара иқәра бзиоуп, иҟауҵахьоуи иҟауҵаран иҟоуи рыгәҭа уаныбжьагылоу аамҭа иатәуп! Ус анакәха, бара бырҿиамҭақәа ирзыԥшу баҧхьаҩцәа агәыӷра бзиақәа рымоуп, уаанӡа акьыԥхьаҿ, бышәҟәқәа рҿы ирԥылоз бҩымҭақәа ишроуа "аишьцәа", "аиҳәшьцәа", даҽакала иаҳҳәозар, бырҿиарамҩа асакьаҳәымҭа бышҭагылоу!.. Уажәы, ҳалацәажәап бара блитературатә мҩа, уи бышԥанылеи, дарбан аԥсыуа поету раԥхьа бгәазҭаз, знапы бԥызшьыз, амҩа алԥха бызҭаз, ибықәныҳәаз?!

- Сара саныхәыҷыз лымкаала бзиа избон ажәеинраалақәа ҿырҳәала рҵара, асахьаркыратә ҩымҭақәа рыԥхьара. Ашкол аҟны, аныҳәақәа раан, қәгыларак анымҩаԥысуаз еснагь схы рыласырхәуан. Убасҵәҟьа бзиа избон асахьаҭыхрагьы. Ҳакласс аҭӡыгазеҭ еиқәзыршәоз сыруаӡәкын. Ажәеинраалақәа рыҩра салагеит 12-13 шықәса анысхыҵуаз инаркны, аха исзааигәаӡаз рыда урҭ аӡәгьы исырбомызт. 9-тәи акласс аҿы сантәаз саҳәшьеиҳабы дсыцны аредакциа "Амцабз" акырынтә саҭаахьан, аха усҟантәи сажәеинраалақәа адунеи рбартә изыҟамлеит. Ашьҭахьы ауниверситет санҭала, насыԥны, алитератураҭҵааҩы Руслан Хәанеи-иԥа дысзылԥхеит. Уи иԥшәмаԥҳәыс, Нинуа Маро Иван-иԥҳагьы лылаԥш хаа схын, схы-сгәы азҭалҵон.

© Foto / из архива Заиры ТхаицукЗаира Ҭҳаиҵыкә, Екатерина Бебиаԥҳа
Ахара ихәыцуа арҿиаҩы: Заира Ҭҳаиҵыкә 55 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Заира Ҭҳаиҵыкә, Екатерина Бебиаԥҳа

Аибашьра ашьҭахь, Аиааира шықәсык ахыҵра инамаданы, Н.З.Ҭарԥҳа апоезиатә хәылԥазы имҩаԥылгоз аҟны сықәгылара Б.У.Шьынқәба иеҩимыжьит. Иара уа, асценаҿы, дагьсыдныҳәалеит. Уи ашьҭахьгьы, Лиуда Цобехьиа лыла сыԥшааны, аус ахьиуаз икабинет аҿы снаганы, изныкымкәа-иҩынтәымкәа дсацәажәахьан: схы-сҵыхәа, снапы злаку уҳәа дразҵаахьан, споезиазгьы абжьгажәақәа сиҭахьан. Сара сзы уи, ҳәарада, игәышьҭыхган. Уи аахыижьҭеи акыр шықәса ҵит. Сзыхьӡахьоу маҷысшьом, аха сызхьымӡац еиҳауп. Хәыҷи-дуи аа-шәҟәык ҭсыжьхьеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изҩыз сажәеинраалақәа еидкыланы – аҭыжьырҭаҿы ишьҭоуп. Лассы адунеи рбап ҳәа сгәыӷуеит.

- Сара исҭахуп, иаҳҳәап аӡәы, "Антологиа" еиқәсыршәоит, бара бажәеинраалақәа рҟынтәи иреиӷьабшьо жәеинраалак алхны исыҭ иҳәар, иалбхуа ажәеинраала арбану збарц, насгьы, уи анбеии, иарбан хҭысу жәҵысҵас бгәы иҭыԥраартә иҟазҵаз?!

- Ииашоуп, сара изыҩуа зегьы еиԥшны сырзыҟам, иҟоуп еиҳа сгәы зызҭоу. Убарҭ иреиуоуп "Ашәақәа" захьӡу сажәеинраала. Уи аибашьра анцоз 1993 шықәсазы изҩыз жәеинраалоуп. Уи ажәеинраала иаҳәоз Аԥсныжәлар рхьаауп – аибашьцәа Аиааирахь изырԥшуаз. Хыхь зыӡбахә сымаз ахәылԥаз аҟны сзыԥхьазгьы иароуп.

- Заира, сара сзыҿцәажәо ҳаԥсуа поетцәа зегьы ирысҭоит абри аҩыза азҵаара, даргьы анс-арс акәымкәа, ишиашоу аҭак ҟарҵоит!.. Сара еилыскаар сҭахуп бара бҟынтәи, бара иахьеи уахеи зырҿиара базҿлымҳау, ибыцу, хәҩык аԥсуа поетцәа рыхьӡқәа… Урҭ ԥыҭҩык иахьа иҳалагыламзар ҟалоит, аха рырҿиаратә ԥсҭазаара ҳацуп… Мамзаргьы, ҳаамҭазы иҩуа апоетцәа, ажәакала, бара блитературатә гьама иаҵанакуа?!

- Анатоли, ас еиԥш иҟоу азҵаара изныкымкәа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҿы иқәургылахьеит. Аиашазы, сара рацәак уи сақәшаҳаҭым. Избан? Бзиа избо аԥсуа поетцәа хәҩык иреиҳазар?.. Ииашоуп, ҟазшьала зегь ҳшеиԥшым еиԥш, ҳгәаанагарақәагьы еиқәымшәар ҟалоит. Насгьы, сара сгәы иазааигәоу, ма сгәы иацәыхароу ҳәа апоетцәа шаны исымаӡам. Ианамуӡах, исҳәоит зыԥсҭазаара иалҵхьоу, бзиа избоз апоетцәа рыӡбахә, иагьҳақуп: Иуа Коӷониа, Леонти Лабахәуа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба, Рушьбеи Смыр.

© Foto / из архива Заиры ТхаицукЕнвер Ажьиба, Анатоли Лагәлаа, Инна Ҳаџьымба, Заира Ҭҳаиҵыкә
Ахара ихәыцуа арҿиаҩы: Заира Ҭҳаиҵыкә 55 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Енвер Ажьиба, Анатоли Лагәлаа, Инна Ҳаџьымба, Заира Ҭҳаиҵыкә

- Заира, бара Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ аҿар рсекциа беиҳабуп, урҭ рҟынтәи абаҩхатәра змоу алыбкаауеит, уимоу, рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәагьы амҩа рыбҭоит, брыцхраауеит. Иҳабҳәар ҳҭахуп урҭ рҟынтәи ҳзықәгәыӷша, збаҩхатәра ҳаигәырӷьаша, ииашаҵәҟьан, абарҭ алитературатә ԥсҭазаара иалагылеит, шьҭа уи амҩагьы ианыҵӡом ззыбҳәаша рыхьӡқәа.

- Ииашаҵәҟьаны сара аҿар бзиа избоит. Иахьынӡасылшо дара рзы сыцхырааҩуп. Урҭ рҩымҭақәа еидызкыло "Ашацкыра" 4-тәи ашәҟәы еиқәыршәаны аҭыжьырҭаҿы ишьҭоуп, аха изыхҟьазаалакгьы уи макьаназы иҭымҵыц. Сара агәра ганы сыҟоуп "Ашацкыра" еиднакыло авторцәа (аӡәык-ҩыџьак канаԥсаргьы) зегьы ргәахәтәы ишахьӡо. Иахьа, абжьааԥнык еиԥшымкәа, абаҩхатәра шьахә змоу аҿар еиҵагылеит. Уи даара узеигәырӷьо, аԥхьаҟа узырԥшуа акәны иҟоуп.

- Заира, бара Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы Арҵагатә шәҟәҭыжьра аусбарҭа редактор хадас быҟоуп. Иҟоуп агәаанагарақәа, сара уи зҳәо аӡәырҩы срықәшәахьеит, иара сара схаҭагьы сгәаанагара убас иҟоуп, иахьа ҳаԥсуа литература, аҵыхәтәантәи ҩажәа, ҩажәижәаба шықәса ирыҵаркуа ашәҟәыҩҩцәа рабиԥарақәа, зынӡакгьы ахрестоматиақәа рҿы рыхьӡқәа арбаӡам ҳәа. Ииашоума уи? Иахьа изызҳауа ҳҿар, хынҩажәа шықәса зхыҵхьоу ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа иреиӷьӡақәоу акык-ҩбак рдыруазар акәӡами?! Ираҳахьазар акәӡами рыхьӡқәа, ма аӡә дразҵааргьы, еиқәыԥхьаӡаны рыжәлақәа рҳәашьа дақәшәозар акәӡами?!

- Ари азҵаара, иҵабыргны, Арҵагатә шәҟәҭыжьра аусбарҭаҿы аус зуа изныкымкәа ҳалацәажәахьеит, зегь ҳгәы иҵхо зҵаароуп. Изаҳӡарызеи, арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа, реиҳараҩык, рықәра ыҟоуп. Аҿыц алоугаларц азы – ҿыц ицәырҵыз аҩымҭақәа удыруазароуп, урыԥхьахьазароуп. Ииашоуп, даараӡа аџьабаа ду рбахьеит, урҭ ртәы аҳәара ус имариам, аха ирымыздо, рус атәы здыруа аҿар рааӡар акәын… Амала, ҳара ҳақәраҿ иҟоу, зхы изахәаз аӡәык-ҩыџьак, аиҵбыратә классқәа ирыҵаркуа арҵагатә шәҟәқәа рҿы рҩымҭақәа аларҵахьеит…

- Иахьа ҳаԥсуа прозаҿы уаазеигәырӷьаша ароманқәа аԥырҵахьеит ҳашәҟәыҩҩцәа. Сара исҭахуп урҭ рҟынтәи прозатә жанрла иҩу, бара иалыбкаауа ароманқәа хәба рыхьӡ ҳабҳәарц…

- Урҭ, раԥхьаӡатәи аԥсуа роман иааркны, иахьатәи, ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа зегь аҵанакуеит!.. Еиҭасҳәахуеит, сара иалыскаауа ароманқәа "5" иреиҳауп. Аха, ианамуӡах, исҳәоит еиҳа лассы схаҿы иааиуа: Иван Папасқьыр "Аԥҳәыс лыпату", Баграт Шьынқәба "Ацынҵәарах", Алықьса Џьениа "Анымираҳ ҩыџьа рынцәахәы", Џьума Аҳәба "Ахамышҭыхә", Алықьса Гогәуа "Аҽыкәаҳа".

© Foto / из архива Заиры ТхаицукЗаира Ҭҳаиҵыкә аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа
Ахара ихәыцуа арҿиаҩы: Заира Ҭҳаиҵыкә 55 шықәса лхыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Заира Ҭҳаиҵыкә аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

- Бара бышԥахәаԥшуеи ҳаԥсуа критика, иахьа иазҳәома аҿахәы?! Ажәак зхырымҳәаац ашәҟәқәа даара ирацәоуп, ҳаԥхьаҩ игәаанагара ашьақәыргылараҿ аориентир иаша изҭода?

- Ииашаҵәҟьаны, уи зегьы ҳгәы иҵхо проблемоуп. Руслан Қапба иааԥсара атәы ҳамҳәозар, егьырҭ аӡәык-ҩыџьак ирыҩуа иааизакны, аԥсуа литератураҭҵаараҿы инагӡаны аҿахәы азҳәо иҟам. Аха аамҭа зегь аӡбоит, зегь еилнаршәшәоит.

- Заира, ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз сара исҭахуп бара реиҳа бгәы иақәшәо, бзиа иббо, ҿырҳәала ибдыруа ԥсыуа поетк илирикатә жәеинраалала ихҳаркәшарц ҳаицәажәара!.. Амҩа аҳҭап алирика, избанзар, бара бпоетуп, насгьы уи иаҵанакуа ақәра ԥшӡа бааины бҭагылоуп иахьа!..

- Сара, ҳаиҿцәажәара хыркәшо, сазааҭгылар сҭахуп, хыхь бзиа избо апоетцәа рхыԥхьаӡара исызҭамыгӡаз, аха лассы-лассы ҿырҳәала исгәаласыршәо Алықьса Лашәриа иажәеинраалала:

Даниуа зегь иеигәырӷьоит ауаҩы,

Аԥсабара иаԥхьа ихырхәоит асаара.

Аха ирзырҳәахьоузеи нас шаҟаҩы:

Дмиӡар еиӷьын ҳәа хара.

Мап!

Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп,

Амреиԥш ихы-иҿы цқьаӡа.

Даныԥсуаҵәҟьагьы, иԥсы мраҵас иҭашәароуп,

Жәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0