"Ҭакԥхықәрала шәхы шәазнеила": аҳақьым Ирма Барцыцԥҳа акоронавирус азы

© Foto / предоставила Ирма Барцыц Ирма Барцыцп,ҳа
Ирма Барцыцп,ҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Анапаҵаҩра
21 шықәса раахыс ачымазцәа зхәышәтәуа, ахәшә алҩаара адагьы ииашаны ирацәажәо, ргәы шьҭызхуа атерапевт Ирма Барцыцԥҳа иахьа акоронавирус зцәа иалоугьы лыдҵаалоит. Аҿкы Аԥсны иалалеижьҭеи хаҭала лара шәҩыла апациентцәа мҩаԥылгахьеит.

Ирма Руслан-иԥҳа Барцыцԥҳа Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет даналга ашьҭахь, иаразнак Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Аԥҳәызба Урыстәыла аусура даанхарц азы алшара шлымазгьы, лыԥсҭазаара лыуаажәлар рымаҵ аура иазылкыр лҭаххеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ирма Барцыцԥҳа акыр шықәса Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭеи, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадеи, Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хадеи рыҟны инеиҭак-ааиҭакуа терапевтс дыҟан. Сынтәа иҵуеит 12 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Гагра аус луеижьҭеи.

"Сара ашкол санҭаз нахыс амедицина сыхшыҩ азцон. Бзиа ибаны исҵон уи иадҳәалаз амаҭәарқәагьы. Сшыхәыҷызнатә саԥхьаҟатәи азанааҭ алсххьан", - лҳәоит аҳақьым.

 Оксана Лакербаиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2020
Арадио
Аҳақьым Лакербаиа еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа уаҳа чмазара рзыннажьуазар атәы

Ирма Руслан-иԥҳа Аҟәатәи ақалақьтә хәышәырҭаҟны раԥхьаӡакәны аҳақьым иаҳасабала даннеи, илыдҵаалаз ачымазаҩ иахьагьы дылгәалашәоит. Иара аԥскра (астма) иман. Аҳақьым қәыԥш лымч лнапаҿы иааганы ашәара днаханы ҭакԥхықәрала дизнеит, иахәҭаз ацхыраарагьы илҭеит.

"Раԥхьатәи сусуратә мшы убриаҟара ацәаныррақәеи аҭакԥхықәреи ацын, саԥхьаҟа аҳақьым иаҳасабала сшьақәгылазар, убри аҽны ауп ашьаҭа анаркхаз. Убасҟан сшәазҭгьы, мамзаргьы иахәҭоу ацхыраара сызиҭом ҳәа аҭакԥхықәра ҽаӡәы лахь ииазгазҭгьы, скариераҿы акәаԥ сыргылар еиӷьхон. Дарбанзаалак изы раԥхьатәи аусуратә мшы - мҩақәҵагоуп", - инаҵылшьит лара.

Ирма Руслан-иԥҳа Гагратәи ахәышәтәырҭа хада иатәу аполиклиникаҿы терапевтс дыҟоижьҭеи еиҳараӡак илыдҵаало ачымазаҩцәа згәы зыхьуа, зшьақәыӷәӷәара ҳараку, агәыҵәкра змоу, зыца зыхьуа роуп. 12 шықәса раахыс лара илырҳаит иҭабуп ҳәа лазҳәо ауаа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы адунеи иалаҵәаз аҿкы чымазара акоронавирус иаҿагылоу аҳақьымцәа дреиуоуп Ирма Барцыцԥҳагьы. Лара Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭахь аҽеиҭныԥсахларахь иршьҭуаз аҳақьымцәа ргәыԥ далан, аҷаԥшьара анлымаз лхаҭагьы ари ачымазара лыхьит, аха зегь акоуп, ҩынтәгьы ауаҩы ицәа иалаларц шалшогьы, лхы дамеигӡакәа лыуаажәлар рымаҵ шылуц илуеит.

© Foto / предоставила Ирма Барцыц Ирма Барцыцԥҳа, Ирина Арсҭааԥҳа, Шьазина Қаԥшьԥҳа, Селма Гәазааԥҳа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы
Ҭакԥхықәрала шәхы шәазнеила: аҳақьым Ирма Барцыцԥҳа акоронавирус азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Ирма Барцыцԥҳа, Ирина Арсҭааԥҳа, Шьазина Қаԥшьԥҳа, Селма Гәазааԥҳа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы

"Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭа сара цәыббрамзазы сақәшәеит. Усҟан Аԥсны ачарақәа ианыршыкьымҭаз акәын. Хыԥхьаӡара рацәала ауаа реиҭанеиааира иалҵшәахеит ачымазцәа рхыԥхьаӡара арацәахарагьы. Аҳақьымцәа, амедперсонал зегьы рхы шьҭымхӡакәа акәын аус шыруаз. Уажәы-уажәы ацхыраара лас амашьынақәа рыла ачымазцәа ааргон, аӡәы ихәшәтәра маншәалахон, ҽаӡәы иԥсҭазаара далҵуан. Ари ишәарҭоу аҿкы ҳауаажәлар аӡәырҩы хырҩа арҭом аҟнытә, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акырӡа ишәарҭахеит. Аҽеиҭныԥсахлара ашьҭахь аҩныҟа санааи ҩымчыбжь сҽыԥхьакны сшыҟаз, акоронавирус сцәа ишалаз ааԥшит, ачымазара ахьанҭара ибжьаратәны исхызгеит", - лажәа иацылҵоит лара.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2020
Арадио
Арҷелиаԥҳа COVID-19 ахәышәтәраан антибиотик ахархәаразы: аҳақьым иоуп изыӡбаша

Гагра араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны аковид ҟәшаҿы ишьҭоу рыдагьы, Ирма Барцыцԥҳа ковид-ахәаԥшратә (обсервациатә) ҟәшаҿгьы ауаа лыдылкылоит. Лара лхылаԥшрала аҩны ишыҟаз шәҩыла ауаа ачымазара рхыргахьеит.

Ирма Руслан-иԥҳа лажәақәа рыла, акоронавирус аламырҵәаразы ауаа адистанциа рыбжьазароуп, ихымԥадатәиуп асабрадақәеи анапхазқәеи рныҟәгара, лассы-лассы сапынла анапыӡәӡәара аҭахуп, ахархәара рыҭатәуп адезинфекциатә маҭәашьарқәа. Акоронавирус зцәа иалоу рахьтә ирацәаҩуп агәҭынчымра змоу.

Аҳақьым агәҽанҵара ҟалҵоит ашәара аҽаҭара шаҭахым, раԥхьатәи асимптомқәа зауа аҭел ҷыдахь иасроуп, анаҩс шьаҿа-шьаҿа абжьгарақәа ирықәныҟәароуп. Иара убас имаҷҩым аҳақьым идымҵаалакәа зхала аҩны ахәышәтәра мҩаԥызго. Дара рыгха ахәышәтәырҭанӡа ианнанаго, ацхыраара арыҭара уадаҩхоит.

"Акоронавирус здырбало рахьтә иҟоуп изыхьхьоу иразҵааны зхала зхы ахәышәтәра иалаго. Уи даара игха дууп, ргәабзиара еицәартәоит акәымзар, иазеиӷьу ҟарҵом. Аҳақьым индивидуалла ачымазаҩцәа ахәшә рзалыллҩаауеит, ашьа аҭатәума, арентген ахь ишьҭтәума, еиҭа акоронавирус ашьақәырӷәӷәаразы атест аҭатәума - абри зегьы дахылаԥшроуп. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аҿкы зцәа иалоу, сшәыҳәоит ҭакԥхықәрала шәхы шәазнеирц", - инаҵылшьит аҳақьым.

Ирма Руслан-иԥҳа ауаа риммунитет дырӷәӷәарц азы авитаминқәа D, C рыдыркыларларц, аӡы рацәаны иржәларц, рымаха-рышьаха дырҵәларц, рыфатә-рыжәтә иацклаԥшларц рабжьалгоит.

Ирма Барцыцԥҳа аӡәы далымхкәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада амедперсонал зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәоит рџьабаазы. Дара уахи-ҽни рхатә ԥсҭазаара аԥхьа ачымазаҩцәа ргәабзиара дыргылоит.

Адунеи иадыруа ачымазара бааԥсқәа рацәоуп, урҭ раанкыларазы зегь акоуп авакцинақәа цәырҵит. Акоронавирусгьы иаалырҟьаны ауаҩы иԥсҭазаара ишалалаз еиԥш, иқәызгогьы ҟалоит ҳәа агәаанагара лымоуп аҳақьым.

Ажәабжьқәа зегьы
0