Аԥсны акоронавирус зыдбалоу хҩык ариабжьарак рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение больных COVID-19 в ГКБ №40
Лечение больных COVID-19 в ГКБ №40 - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11818-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10756-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 184-ҩык.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 298-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 18-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ариабжьарак Аԥсны акоронавирус злаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Жәабран 6, 7 рзы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа аҳәса, 1951, 1941 шықәсқәа рзы ииз. Урҭ рыҩџьагьы акоронавирустә инфекциа ҿыц адиагноз рзышьақәыргылан. Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы жәабран 8 рзы иԥсҭазаара далҵит адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц ззышьақәыргылаз 1952 шықәсазы ииз апациент.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 98-ҩык, урҭ рахьтә 87-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 49-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 32-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 24-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0