Адоуҳатә хдырра еиззырҳауа: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит

© SputnikВыставочный зал
Выставочный зал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 10, 1941 шықәсазы Аԥснытәи АССР аҿы еиҿкаан Асахьаҭыхыҩцәа рреспубликатә еидгыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла - ари аҟазаратә уаажәларратә еиҿкаароуп, уи аҩнуҵҟа хатәгәаԥхарала рҽеидыркылоит Аԥсны апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Февраль 10, 1941 шықәса рзы Аԥснытәи АССР адгьылҵакыраҿы еиҿкаан ареспублика Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, иара СССР Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи егьырҭ ареспубликақәа реидгылақәеи русеицура алзыршо аусмҩаԥгатәқәа инарықәыршәаны аусура ҳәаақәҵан. 

Нугзар Логәуа иҭыхымҭа. 2006 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Ажәытәи аҿатәи ахьеиларсу: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеи азы

"1935 шықәсазы Нестор Лакоба идҵала иаадыртуеит хәышықәсатәи асахьаркыратә училишье. Усҟан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәас иҟаз еиҳарак аурысцәеи ақырҭцәеи ракәын. Еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәа аус руан, урҭ русумҭақәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иҳамоуп. Урҭ иаԥырҵеит Қырҭтәыла иафилиалны Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ҳәа. 1941 шықәсазы иаадыртуеит раԥхьаӡатәи ацәыргақәҵа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иазкны. Ус-ус аҿаргьы аднаԥхьало, аизҳара иалагеит. Абраҟа иҳәатәуп, даара илагала шдуу асахьаҭыхҩы Гьаргь Чачба. Усҟан иара Аԥсны дааны дыҟан, иара еиҿикаауеит астудиақәа. Еиҿикааз астудиақәа рылоуп ашьаҭа шакызгьы ԥхьаҟатәи Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла", - иҳәоит иахьа Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иахагылоу, аскульптор Витали Џьениа.

© Foto / Public domainГьаргь Михаил-иԥа Шервашиӡе-Чачба
Адоуҳатә хдырра еиззырҳауа: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Гьаргь Михаил-иԥа Шервашиӡе-Чачба

80 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәылацәа, абаҩхатәра злоу аҟазацәа иаԥырҵеит ҽакы иаламҩашьо рхатә школ. Аԥсуа ҟазацәа рмилаҭтә сахьаҭыхратә хдырра ашьақәгылараҿ акраҵанакуан урыстәылатәи аҟазареи акультура русзуҩцәеи дареи мҽхакы ҭбаалатәи реимадарақәа, Урыстәыла адоуҳатә ҭынхақәа рахьтә еиҳа ипрогрессивтәыз иалнаршон рҟазара аҩаӡара аизырҳара.

Сергей Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Арадио
Ҵәыџьба: аҟазара уаҩы иҭахымхар, аҳәынҭқарра иаҭахымхар, ихыбгалоит, аамҭа иархәашоит

"Раԥхьаӡакәны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла дахагылеит Марина Ешԥҳа. Лара аҵара лҵон Москва. 50-тәи ашықәсқәа рзыҳәан Аԥсныҟа дхынҳәит. Лара илыбзоураны аԥсуа сахьаҭыхцәа рҽеиужьны, еиҵагыланы аизҳара иалагоит. 15 шықәса инареиҳаны Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла дахагылан".

Аԥсуа ҟазацәа рцәыргақәҵақәа еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны иӡырыргахьеит. 2010 шықәса инадыркны еиҳа ирацәахеит аимадара, уи зыбзоуроу ихьыԥшым ҳәынҭқарраны Аԥсны ахьазхарҵаз ауп, хымԥада, иҳәоит Џьениа.

© Foto / из архива Джумы АхубаМарина Ешԥҳа аскульптура аус адулараан
Адоуҳатә хдырра еиззырҳауа: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Марина Ешԥҳа аскульптура аус адулараан

"Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын. Убасҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынба ицхыраарала ҳзыҩнатәоу ахыбра рҽеин, иаҳзалихит аҭыԥ бзиа аус ҳурц ахьҳалшоз. Иахьа уажәраанӡагьы ҳҭыԥ ҳамԥсахыцт, гәахәарыла аус ҳуеит. Есымшааира дҳавагылан, аҟазара иныруан, дазҿлымҳан еснагь. Иазгәасҭарц сҭахуп Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿкааижьҭеи шәҟәык аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ирызкны ишҭымҵыцыз, Владислав Арӡынба иџьабаала ашәҟәы ҳазҭыжьын, убас аҿар асахьаҭыхыҩцәа рхатәы школ рзалхны ахыбра иҩнеиҵеит", - ҳәа игәалаиршәоит Витали Џьениа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иахьа
Адоуҳатә хдырра еиззырҳауа: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иахьа

Иара гәалсра дула иҳәоит иахьа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рхатәы музеи ахьрымам атәы:

"Даара ихьааҳгоит иахьа асахьаҭыхыҩцәа ҳхатәы музеи ахьҳамам. Ацәыргақәҵақәа анымҩаԥааго ирацәоуп атәым милаҭ имҩахыҵуа. Амузеи ианазҵаауа, иҳамам ҳәа аҭак рыҭара ԥхаҳшьоит. Ҳгәыӷуеит наҟ-наҟ аҳәынҭқарра уи иадгылап ҳәа", - иҳәоит асахьаҭыхҩы.

Ирацәоуп аҿар иахьа абаҩхатәреи аҟазареи аазырԥшуа, аха урҭ ирыҭатәуп ацхыраара, авагылара, рнапы зларкыз аус иацәхьамҵырц азыҳәаны. Витали Џьениа излаҳеиҳәаз ала, аҿар асахьаҭыхра нзыжьуагьы ҟалалоит, избанзар асахьаҭыхҩы изанааҭ ала ахныҟәгара уадаҩуп, уи иазыԥшаатәуп иара иаԥсоу аҭыԥ.

"Аҿар удыргәырӷьоит иахьа. Анцәа иџьшьаны иҟоуп ҳзықәгәыӷуа, аха ацхыраара рыҭатәуп, рус ргәы ахымшәарц азыҳәаны. Асахьаҭыхҩы исахьақәа рымацарала ахныҟәгара цәгьоуп иахьатәи аамҭазы. Уи иазалхтәуп амҩа", - ҳәа иҳәоит аскульптор Витали Џьениа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0