Апрокуратура хада хынтәтәи ауаҩшьразы аусҭҵаара ахыркәшарахь инеит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik / Акоп Кущян Дамир Квициния
Дамир Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызлахәу Апрокуратура хада инарҭбаау аколлегиа аилатәара мҩаԥысуеит жәабран 10 рзы.

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Алхас Аҩӡба, Асҭамур Шамба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьразы аусҭҵаара хыркәшоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аколлегиаҿы.

Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иҳәеит абри аус аганахьала агәызҩара зызрымоу ауаа шаанкылоу, ишҭаку. Кәыҵниа иазгәеиҭеит аусҭҵаара аамҭа рацәа загаз иахәҭаны иҟаз аекспертизақәа рымҩаԥгара ахьымҩаԥысуаз шакәу.

2019 шықәса абҵара 22 рзы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа асабрадақәа зҿаз хҩык ауаа ахысра иалагеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит, урҭ рынахысгьы лыԥсҭазаара далҵит ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2020
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаҩшьразы иаанкылоу рыҵәахразы ҩыџьа ауаа ахара рыдҵоуп

Абри ацәгьоура ашьҭахь рнапынҵақәа аанрыжьит Аԥсны ААР аминистр Гарри Аршба, апрокурор хада Зураб Ачба.

2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы абри аус аганахьала иаанкылан Даҭо Ахалаиа, Демур Ахалаиа, Аслан Блабба, Беслан Бганба.

2020 шықәса лаҵарамза 29 рзы Воронов имҩаҿы игылоу анхарҭаҩнаҿы даанкылан уаанӡа абри аус азы изышьҭаз Ерик Ҷкадуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0