Аԥсны акоронавирус зыдбалаз хҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Foto / Минобороны РоссииРоссийский военный госпиталь в Сухуме
Российский военный госпиталь в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11933-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 187-ҩык.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 279-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 64-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа.

1936 шықәсазы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит жәабран 6 рзы. 1939 шықәсазы ииз апациентка лыԥсҭазаара далҵит жәабран 8 рзы. 1953 шықәсазы ииз апациентка лыԥсҭазаара далҵит жәабран 9 рзы. Урҭ рыхҩыкгьы ирзықәыргылан адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 85-ҩык, урҭ рахьтә 69-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 31-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 24-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0