Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев дидикылеит

© Sputnik / Александр Полегенько / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФорум друзей Крыма открылся в Ялте
Форум друзей Крыма открылся в Ялте - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Бжьаниеи Медоеви аԥсуа-уаԥстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылара мҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба далахәны.

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев дидикылеит жәабран 15 рзы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ахада иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы хымԥада аҿиара шроуа.

"Ҳара еснагь аиашьаратә ҳәынҭқарраҿы иҟоу ахҭысқәа ҳрышьклаԥшуеит. Ажәабжь бзиақәа анҳаҳауа даара агәахәара ҳауеит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов иҟынтәи ааԥхьара ииҭеит атәыла даҭаарц. Бжьаниа гәахәарыла ааԥхьара идикылеит, иагьиҳәеит хымԥада Аахыҵ Уаԥстәыла дшаҭаауа.

Аслан Бжьаниагьы иҳәеит иколлега Анатоли Бибилов аофициалтә ааԥхьара изыҟаиҵарц игәы ишҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0