Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит уаанӡа изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
Ахаҵа даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟәы агәаҭараан. Ахаҵа иԥшаара аԥшьгаҩцәа – Урыстәыла ААР Кемеровтәи аобласт АУ дрыҭан.

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Знапхы цәгьоу Урыстәыла атәылауаҩ Афедералтә шьҭазаара иман. Иара даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟәы агәаҭараан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа иԥшаара аԥшьгаҩцәа – Урыстәыла ААР Кемеровтәи аобласт АУ дрыҭан.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа иазгәанаҭоит Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны аҳәаахьчаратә гәаҭарақәа раан амаҵзурауаҩ азин имоуп:

  • ахаҿқәа рдокументқәа ргәаҭара, атранспорттә хархәагақәеи имҩанырго аидареи ргәаҭара;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагара зганахь ала ицәырҵыз ахаҿқәа раанкылареи рыҭҵаареи, арҭ ахаҿқәа аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәеи егьырҭ аҭыԥқәеи рахь рзинеилагара аҭҵааразы рнагара;
  • аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рҳәаахьчаратә гәаҭаратә ҟәшақәа рахь арҭ ахаҿқәа наганы аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагаразы рыҭҵаара. Иахәҭаны иҟалар иарбоу аилагарақәа рзы аҭҵаарақәа аҽа ҭыԥк аҿы аилыргара мҩаԥгахар ҟалоит;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟазҵо адокументқәа рҿы адыргақәа рыҟаҵара, иаҭахханы иҟалар аамҭала арҭ адокументқәа рымхра, иара убасгьы иԥаршеиу адокументқәа рымхра;
  • аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи зыҿҳәара иахыԥахьоу урыстәылатәи авизақәа рыҿҳәара ацҵара, афедералтә усбарҭа ахаҭарнакра аҟамзаараан;
  • Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара ишышьақәнаргылаз ала аҳәаанырцәуаа урыстәылатәи рвизақәа русура аанкылара;
  • аамҭала ахаҿқәеи атранспорттә хархәагақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы рныҟәара аԥкра ма аанкылара;
  • аамҭала еиуеиԥшым аусурақәа, атәылахьчара иадҳәалоуи, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыдҳәалоуи, аҿкчымазарақәа ирыдҳәалоуи аусурақәа рыда раанкылара;
  • Азакәан иазыԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьақәа раан абџьар, атехника, ахархәага ҷыдақәа, амчра ахрархәара;
  • аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ауаа рахыгаразы ахараԥса рықәҵара.

2020 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иаанкылан афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз 90-хаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0