Аруаа рхәыҷқәа арратә госпиталь аҳақьымцәа ирыдныҳәалеит

© Foto / пресс-служба ЮВОНа российской военной базе Южного военного округа (ЮВО), состоялся конкурс детских рисунков на тему «Военные врачи глазами ребенка»
На российской военной базе Южного военного округа (ЮВО), состоялся конкурс детских рисунков на тему «Военные врачи глазами ребенка» - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Хырхарҭарацәалатәи арратә госпиталь Аԥсны аусура иалагеит жьҭаара 20 рзы. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Ахәыҷтәы сахьақәа рконкурс "Арратә ҳақьымцәа ахәыҷы иблала" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Иреиӷьыз аусумҭақәа ҳамҭас ирыҭан Аҟәа иаарту Урыстәыла атәылахьчара иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа.

Аконкурс иалахәын шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Аусумҭақәа ҭыхын еиуеиԥшым атехникеи аматериалқәеи рыла.

© Foto / пресс-служба ЮВОАхәыҷтәы сахьақәа рконкурс "Арратә ҳақьымцәа ахәыҷы иблала" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы.
Аруаа рхәыҷқәа арратә госпиталь аҳақьымцәа ирыдныҳәалеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Ахәыҷтәы сахьақәа рконкурс "Арратә ҳақьымцәа ахәыҷы иблала" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы.

Арратә медусзуҩцәа ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит арратә медусзуҩ изанааҭ атәы, акоронавирустә инфекциа ҿыц иаҿагыланы ишықәԥо атәы.

Российских военных медиков в Абхазии наградили за помощь в борьбе с COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2020
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0