Сергеи Багаԥшь иреиӷьу ибаҟа алкааразы онлаин-бжьыҭира иалагеит

© Sputnik / Акоп КущянРемонтные работы на площади Сергея Багапш
Ремонтные работы на площади Сергея Багапш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы. Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа иреиӷьу алкааразы Акультура аминистрра асаит аҿы иаартуп онлаин-бжьыҭира.

Абжьыҭира мҩаԥысуеит хәажәкыра 3 асааҭ 10:00 рҟынӡа. Анаҩс амонументалтә ҟазараз Аҳәынҭқарратә комиссиа иреиӷьу апроект алнакаауеит. Акомиссиа иалахәуп 14-ҩык аскульпторцәеи асахьаҭыхыҩцәеи.

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 3 рҟынӡа.

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы апроектқәа рекспозициа аадыртит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы апроектқәа рекспозициа аадыртит

Аконкурс иалахәуп апроектқәа жәба. Урҭ рҟынтәи ааба Аҟәа атема иадҳәалоуп. Абаҟа ықәыргылахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Иара убасгьы абаҟа ықәыргылахараны иҟоуп Очамчыра араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа.

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0