Ашәарҭадареи азинеиҿкаареи: Дбар инапынҵақәа рынагӡаразы 30 мшы риҭеит инапаҵаҟа иҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Дбар
Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит аусбарҭа аппарат хада аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи ақалақьтәи араионтәи ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Ареспубликаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа азҵаареи атәылаҿ ауаажәларратә шәарҭадареи азинеиҿкаареи рызҵаареи ирылацәажәан Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имҩаԥигаз аусутә еилацәажәараҿ. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аԥсны ААР ахада аҩнуҵҟатәи аусқәа рықалақьтәии рраионтәии ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи урҭ рхаҭыԥуааи, ашьаусԥшаара аҟәшақәа реиҳабацәеи инапынҵақәа рынагӡаразы 30 мшы риҭеит:

  • закәаншьаҭада иҵәаху ма иныҟәырго ихысуа абџьари аџьаԥҳани раарԥшразы аусурақәа рырӷәӷәара;
  • ашьҭазаареи аӡбарҭеи ирцәыбнало ахаҿқәа ахьыҟоу аилкааразы аоператив-ԥшааратә усура арбагақәа ҳараркырц;
  • ауааԥсыра ргәабзиара аҵшәаара иазыхио – закәаншьаҭда анаркотикқәеи, аԥсихотроптә хархәагақәеи реикәыршара, рыҵәахра, раларҵәара, Аԥсны аҵакырахь ралагалара уҳәа ацәгьоурақәа раарԥшра аизырҳара.

Дмитри Дбар иара убасгьы 2021 шықәса хәажәкыра 1 азтәи аихшьаалақәа рыла адҵа ҟаиҵеит аҳасабырба-аналитикатә материалқәа азырхиазарц, хаҭала амҩа-транспорттә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы.

Аилацәажәараҿы ишьҭыхын амаининг аусура аанкылареи закәаншьаҭада афымцамчсистема аҿаҽаԥшьоеи рыпроблема. Аминистрра аусзуҩцәа аусурақәа ирыцырҵоит уаанӡа иаҿыхыз амаининг-фермақәа ахылаԥшра рыҭаразы. Арҭ ауснагӡатәқәа рзы хаҭалатәи аҭакԥхықәра рыдҵоуп ақалақьтәии араионтәии ҟәшақәа реиҳабацәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0