Ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Бенур Қәираиа еиҭеиҳәеит Қырҭтәылаҟа дызцаз

© SputnikБенур Квирая
Бенур Квирая - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ааԥхьара ҟанаҵеит ачынуаа Қырҭтәыла рцара агәҭынчымра зызцәырҵуа зегьы еизарц азы.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Бенур Қәираиа еиҭеиҳәеит Қырҭтәылаҟа дызцаз Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"Сара иарбанызаалак сажәа, схымҩаԥгашьа рзы аҭакԥхықәра саҵагылар сылшоит. Сара ИАЕ "Шәқәырча", зых иақәиҭу аекономикатә зона напхгара асҭон. Қырҭтәылаҟагь ахада инапынҵала акәӡам сышцаз. Жәабран 18 рзы ахада иасҳәеит ихьӡала сцар шысҭаху, аха мап сцәикит, ицхырааҩыс сыҟанаҵы Қырҭтәылаҟа сшымцо атәгьы иҳәеит. Жәабран 19 рзы аршаҳаҭга шьҭасҵеит. Сара Қырҭтәылаҟа сцеит хатәхаҿык иҳасабала, атәылахь аинвестициақәа радыԥхьалараз. Абаӷәаза сыргылар сҭахуп, асасааирҭақәагьы. Исҭахуп ара инхо ажәлар рбеиара, Аԥсныҟа аԥара ҭазгалар сҭахуп. 1989 шықәса раахыс ахақәиҭратә қәԥара агәҭа сгылоуп, аибашьра зегь схызгеит, аибашьра ашьҭахьгьы исылшо зегь ҟасҵоит стәыла аизырҳаразы", - иҳәеит Қәираиа.

Қәираиа иҳәеит Қырҭтәылаҟа ицара агәҭынчымра зызцәырҵуа зегьы хаҭала иара иҿы инеины иҟоу шыҟоу еилыркаарц.

Митингующие у здания Парламента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
"Аруаа" адҵа ҟарҵоит ҩаӡарарацәалатәи Қырҭтәыла алацәажәарақәа ирҟәаҵтәуп ҳәа

"Ацәажәара хзыртлаз апартиақәа сразҵаарц сҭахуп, ирымоума ҳекономика шьҭызхыша программак, ҳаҳәсеи ҳхәыҷқәеи ирыцхрааша социалтә программак. Еснагь Урыстәыла анапы ҳаныԥшылалома?" ҳәа дҵаауеит иара.

Иара иҳәеит Қырҭтәылаҟа дызцаз Урыстәыла инхо иҩыза, абизнесуаҩ дибарц шакәу.

"Сара уахь сцара иахықәкыз зых иақәиҭу аекономикатә зонаҿы аинвистициақәа аҭыԥ роурц ауп. Ара ахы иақәиҭны ахәаахәҭра мҩаԥысуазароуп, адунеитә хәаахәҭратә центр ыҟазароуп. Убри азоуп сара сзеибашьуаз", - иҳәеит Қәираиа.

Иара убри аан иазгәеиҭеит партиак дшалам, иусқәагьы апартиақәеи аиҿкаарақәеи рақәшаҳаҭра аҭахны ишимбо.

"Сара исҭахуп Аԥсны инхо зегьы бзианы инхаларц, рыбзазара еиӷьхарц, ҳхәыҷқәа аҵара бзиа роурц, ҳарҵаҩцәа аулафахә бзиа роурц", - иҳәеит иара.

Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Аԥсны Апарламент ахь инеит ауаажәларра, аоппозициа, апартиақәа рхаҭарнакцәа ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ иумҭа иақәыӡбарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0