Аамҭала Бедиа ду иахыкәшо амҩа ҟарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района
Обвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭнаплакы жәабран 22 рзы Бедиа ду адгьыл аҳәазара шцо аҭҵаара иалагеит.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Бедиа ду иахыкәшо амҩа ҟарҵоит аамҭала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭнаплакы "Аԥсныргылара" адиректор Руслан Тәанба.

"Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган имҩаԥылгаз аҵыхәтәантәи аилацәажәараҿы иӡбан аамҭалатәи амҩа аҟаҵара, адгьыл ахьыҳәазаз иахыкәшаны", - ҳәа иҳәеит иара.

Тәанба иажәақәа рыла асметатә документациа азыхиоуп, уажәы иара аекспертиза иахысуеит, нас аиҳабыра ахәаԥшны аванс азоурышьҭуеит ҳәа азгәеиҭеит.

Обвал дороги в селе Бедиа ду Ткуарчалского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Аҟазауаа Бедиа ду иҟалаз адгьылҳәазара зыхҟьаз ҭырҵаауеит

"Аԥара шыҟалалак аусурақәа ҳрылагоит. Уажәы уа ҳтехника аус ауеит, 500 метра рҟынӡа дрыцқьахьеит. Иахьа абалласт ықәрыԥсоит. Уаанӡатәи амҩаҿ акәзар аҟазауаа аҭҵаара иаҿуп аҭагылазаашьа. Уа аусқәа уадаҩуп", - ҳәа иҳәеит "Аԥсныргылара" аиҳабы.

Руслан Тәанба иҳәеит амҩа аиагаразы адгьыл еиҟаратәтәхеит, аԥхьа еиҳа иҟәазу ахаҳә ықәрыԥсоит нас - еиҳа имаҷу.

"Ус амашьынақәа рныҟәара иазыманшәалоуп. Сгәы иаанагоит мызкы аҩнуҵҟала ҳалгоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Кристина Озган жәабран 16 рзы Бедиа ду ахь днеит.

Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны Акапиталтә ргылараз аусбарҭеи Агеологиеи, агеодезиеи, акартографиеи русбарҭеи рнапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруларц. Иара убасгьы Кристина Озган "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гәырам Ҳаразиа инапы ианылҵеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0