Ахра Аҩӡба идукат илҳәеит иара харас идырҵо

© SputnikИнга Габилая
Инга Габилая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Анапаҵаҩра
Адукат Инга Габилаиа заанаҵтәи линформациала Ахра Аҩӡба идырҵо ахара шихараҵәҟьоу атәы зыршаҳаҭуа аӡбарҭа-гәаҭаратә материалқәа лырҭараны иҟоуп уаҵәы, хәажәкыра 7 рзы, иара убас иара иаанкыларазы азыҳәара иахәаԥшразы аӡбарҭаҿы аилатәара ҟалоит.

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахра Аҩӡба иҿахәҿыхра иалахәыз идукат Инга Габилаиа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит иара харас идырҵо арбану.

Лара лажәақәа рыла, иара иганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ала - гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар ахьырҵәахуа. Ари ихьанҭоу закәанеилагароуп, уи азы ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа уқәҵаны уҭаркыр ҟалоит.

Заанаҵ еибызҳәаз агәыԥ ахь иаҵанакуеит Ахра Аҩӡба ДЖәР аҟынтәи ицны иааз иҩызцәа, урҭгьы уажәы иаанкылоуп.

Изъятое оружие и боеприпасы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иҩнаҟны абџьари аџьаԥҳани рыԥшааит

Инга Габилаиа иазгәалҭеит лара ззинқәа лыхьчо иаанкылара азакәан еилаганы ишымҩаԥысыз. Лара лажәақәа рыла, Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, аха уи азы аԥкаанҵа шьақәыргылан хәажәкыра 6 ахәылбыҽха. Ари азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала закәанеилагароуп ҳәа лҳәеит азиндырҩы.

"Ҳара аҭахума, ари зинеилагароуп. Ҩаха-ҩымш сара ззинқәа сыхьчо ахаҿы Ашәарҭадаратә маҵзура ахыбраҿы документда дыҟан. Ари аҭагылазаашьа ҳара ҳдокументқәа рҟны иаҳарбеит. Иара убас еилаҳкааит иара иаанкылара шыҟалаз. Ииашаҵәҟьаны, Ашәарҭадаратә маҵзура анапхгара аҭел изасны АШәМ ахь даарыԥхьеит, ара данааиз ашьҭахь ауп данааныркыла. Уи хәажәкыра 4 рзоуп ианыҟала, фактла адокумент уажәоуп ианышьақәдыргыла", - лҳәеит лара.

Ахра Аҩӡба ицааныркылеит даҽа хәҩык ауааԥсыра, урҭ азусҭцәоугьы шьақәыргылоуп. Инга Габилаиа инаҵшьны иазгәалҭеит урҭ иара иҩызцәоу ихьчаҩцәа ракәу макьана ишылзымдыруа.

"Сара урҭ сырмацәажәаӡацт, урҭ ирызку официалтә информациак сымаӡам. Аха урҭ раанкылараан ашәытарақәа шрынҵаз здыруеит. Ахра Аҩӡба иакәзар, аӡәгьы диламкьысит. Ахьчаҩцәа - Урыстәыла иатәылауаауп", - лҳәеит адукат, иагьазгәалҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа макьана арҭ атәылауаа раанкылара аганахьала акгьы шырымҳәац, аха адукатцәа иахьақәнагоу ишнеиуа лҳәеит.

Иара убас лара илҳәеит Аҩӡба иҩны аԥшаарақәагьы азакәан еилаганы ишымҩаԥыргаз. Габилаиаԥҳа уи азы дшашшуа атәы лҳәеит.

Дом Ахры Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иԥҳәыс еиҭалҳәеит рыҩны аԥшаарақәа шымҩаԥыргоз

"Ҳара иҳарҭаз адокумент аҟны иарбан иҩны аԥшаарақәа хәажәкыра 5 ашьыжь асааҭ 7 рзы иалагеит ҳәа, аха сара сыблала избеит урҭ аԥшаарақәа хәажәкыра 4 ахәылбыҽха ишрылагаз. Уи иаанагоу уи ауп, амилициа аусзуҩцәа адокумент еиқәмыршәакәа аҩны агәаҭара иалагеит. Ҳара ашаҳаҭцәа зегьы ҳрыҿцәажәоит, уа инхо ауаа рақәыршаҳаҭрада аԥшаарақәа шымҩаԥыргоз зегьы ҳдокументқәа рҿы иаҳарбоит", - лҳәеит лара.

Адукат Инга Габилаиа заанаҵтәи линформациала Ахра Аҩӡба идырҵо ахара шихараҵәҟьоу атәы зыршаҳаҭуа аӡбарҭа-гәаҭаратә материалқәа лырҭараны иҟоуп уаҵәы, хәажәкыра 7 рзы, иара убас иара иаанкыларазы азыҳәара иахәаԥшразы аӡбарҭаҿы аилатәара ҟалоит.

"Уаҵәы ахәылбыҽха асааҭ 9 рҟынӡа аӡбарҭа аилатәара мҩаԥысроуп. Ауаҩы 72 сааҭ еиҳаны даанкыланы дыҟазар ҟалом", - ҳәа идеиллыркааит Габилаиаԥҳа.

Адукат иара убас илҳәеит Ахра Аҩӡба акрыфареи акрыжәреи мап шырцәикыз.

"Сара акрагьысфом, акрагьызжәуам, уи сыпринципиалтә позициоуп" ҳәа иҳәеит Ахра. Ма доурышьҭроуп, ма ддәылыргар акәхоит. Уаанӡа ҳамнеип ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа лҳәеит Габилаиаԥҳа.

Ахра Аҩӡба Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит хәажәкыра 4 рзы. Иара иҩны имҩаԥыргаз аԥшаарақәа раан ирбеит иагьимырхит абџьари аџьаԥҳани.

Хәажәкыра 1 азы Аԥсны амч аиуит "Абџьар азы" азакәан. Уи инақәыршәаны ареспублика иахьаҵанакуа иҟалом:

  • Ауаа реиланхарҭақәа рҟны еиҵаҵоу иҭҟьар зылшо абџьар аныҟәгареи амҩангареи;
  • Амитингқәеи, ажәлар еицны амҩақәа рҿы ианымҩасуеи, адемонстрациақәеи, егьырҭ амассатә усмҩаԥгатәқәеи раан ауааԥсыра абџьар ныҟәыргар ҟалом, амилаҭтә цәамаҭәа зышәҵаны уи иахәҭаку Кавказ жәлар раҳәеи рҟамеи рымӷазар аламҵакәа;
  • Иҭҟьо амцабџьар аҩы дашьны даныҟоу аныҟәгара;
  • Агәабзиарахьчара, анцәаимҵаныҳәара, аҵара-ааӡара иаҵанакуа аусбарҭақәа рҟны аныҟәгара, арҭ ахыбрақәа зыхьчо ауаа аламҵакәа;
  • Иҭҟьо, згәыцә хәхәоу, иҵару абџьар ахыхьчаразы аныҟәгара;
  • Аграждантә бџьар азы ахәшәҭрақәа рыҵәахразы азин змам ахаҿқәа ианырҵәахуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0