Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВоенные госпиталь покидает Абхазию
Военные госпиталь покидает Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь ашәахьа хәажәкыра 1 азы Аԥсны аусура хнаркәшеит.

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь, 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагаз аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит арратә техника аколонна иаланы.

Урыстәылатәи амедусзуҩцәа ҩымш рышьҭахь арратә техника аилазаара иаланы, 800 километра амҩа иахысны есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәуеит, Ставропольтәи атәылаҿацәахь.

Аколонна амҩатә ныҟәара ашәарҭадара ахылаԥшра арҭоит Аладатәи арратә округ арратә автоинспекциа.

Амобилтә медицинатә ҟәша аилазаара иалахәын шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәа, 30 ак арратә техника.

Аԥсны ауааԥсыра аҿкчымазара рацәыхьчаразы иҟанаҵаз аҳәарала Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арахь иаанашьҭит хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь шә-иарак зкышаз, ареспубликаҿ акоронавирустә инфекциа аҿагылара аҭаразы 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.

Иара убасгьы агоспиталь алабораториаҿ 18 000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара мҩаԥган, урҭ рҟынтәи 5,3 нызқь ПЦР-тест, 2 000 рентгенограмма.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0