Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Ҩышәҩык инарзынаԥшуа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәыԥк ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ирҭеит.

Ааԥхьараҿы аветеранцәа иазгәарҭеит 2020 шықәсазтәи анапхгареиҭакреи уи ашьҭахьтәи алхрақәеи атәылаҿ аҭагылазаашьа шеиҭарымкыз, 2004 шықәса раахыстәи аполитикатә кризис еиҳагьы аҽшарҭбааз.

"Ақәԥара ахьӡала ақәԥара ҳарааԥсеит. Адәныҟатәи ашәарҭарақәа ракәӡам ҳазҿагылогьы, ҳара ҳара ҳаиҿагылоуп. Иахьа зегьы еилыркаахьеит иалху амҩа, аиаша уҳәозар амҩа аҟамзаара, хара имгакәа аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳашкылнаго", - аҳәоит аԥшьгаратә гәыԥ ирыладырҵәаз ааԥхьара.

Аҳәынҭқарразы ишәарҭоу ахылҿиаақәа ралмыршаразы, амилаҭ ԥхьаҟатәи рыҿиараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵаразы аветеранцәа ааԥхьара руеит:

  • Аслан Бжьаниа ԥхьатәара ацаразы аӡбра идикыларц,
  • Хара имгакәа ахада иалхрақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәеи еицымҩаԥгазарц,
  • Аполитикатә партиа "Амцахара", аветерантә еиҿкаара "Аруаа", егьырҭ аветерантә еиҿкаарақәа ахада иалхраан акандидат иқәыргылара ма акандидатцәа руаӡәк далкааны идгылара рҽацәхьаркырц,
  • Аполитикатә партиа "Амцахара", аветерантә еиҿкаара "Аруаа", егьырҭ аветерантә еиҿкаарақәа алхрақәа раан алхратә закәанԥҵара анормақәа рықәныҟәашьеи аполитикатә етика азгәаҭашьеи хылаԥшра рыҭаразы акомиссиа (аринахыс – Акомиссиа) еицаԥырҵарц,
  • Акомиссиа иалнаршароуп ахадарахьы акандидатцәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра – иаиааиуа алхрақәа рышьҭахь ажәлар реидкылара аҭакԥхықәра рхахьы ишырго, аҿиаразы аҳәынҭқарратә программа аус шадыруло азы.

Аҩаша, хәажәкыра 9 рзы аветеранцәа атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы Аҟәа апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Апресс-конференциа иалахәын аибашьра аветеранцәа: Гарри Саманба, Алик Бгьеу, Ҭемур Қәычбериа, Витали Тарнаа.

Апресс-конференциаҿ Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба ахҳәаа аиҭеит ахада инапынҵақәа рааныжьразы аибашьра аветеранцәа ргәыԥ иҟанаҵаз ааԥхьара, иазгәеиҭеит анапхгара ҿыц шықәсыктәи русура атәыла аԥсҭазаараҿы еиҭакрак шанамҭаз.

"Сара арадикалтә усқәа сырҿагылаҩуп. Хәажәкыра 11 рзы "Аруаа" реизара ду мҩаԥысраны иҟоуп. Ааԥхьара ҟасҵоит ишәа-изаны иҟам шьаҿақәак ҟамларц, иласу аӡбрақәа рыдрымкыларц, избанзар еиҳа-еиҳа аҵахь ацара ҳаҿуп. Ахада хатәгәаԥхарала ԥхьатәара ицара акәзар – политикатә шьаҿаны сахәаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Саманба иажәақәа рыла атәыла анапхгареи аоппозициааи аусеицура иалагароуп, ус анакәымха аҳәынҭқарра бзиарак азыԥшны изыҟалом.

Ажәабжьқәа зегьы
0