"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны 90 нызқь рҟынӡа фымцамчԥхьаӡага ықәыргылатәуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Адыгее построена первая в регионе солнечная электростанция
В Адыгее построена первая в регионе солнечная электростанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
Афымцамч ахархәара ҭазыҩуа ахархәагақәа раахәареи рықәыргылареи мҩаԥгахоит Аинвестпрограммеи "Амшынеиқәафымцамч" аԥарақәеи рыла.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Аԥсны 90 нызқь рҟынӡа фымцамчԥхьаӡага ықәыргылатәуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Зураб Багаԥшь.

Иара иажәақәа рыла, 2010 шықәсазы арҭ ахархәагақәа рықәыргылара апроцесс хацыркын. 2014 шықәсанӡа иаахәан 18 000 хархәага, 12 нызқь - Аҟәа ақалақь азы. Иахьазы урҭ рҟынтәи аус руеит 70 процент ҳәа иҳәеит иара.

Тенгиз Блабба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Арадио
Блабба афымцалашара ақәыӷәӷәара арԥсыҽразы: аелектронтә ԥхьаӡагақәа рыда ԥсыхәа ыҟам

"Иахьазы ареспубликаҿ 90 000 фымцамчԥхьаӡага ҿыц аахәатәуп, асовет аамҭақәа раан иаахәаз ахархәагақәа ахьажәхьо иахҟьаны. Ауааԥсыра аԥара рымшәар алашара рымырхыр алзыршо ахархәагақәа рзықәгылазар, рхы иадырхәо афымцалашара ахәԥса ршәалоит. 90 процент рҟынӡа аԥарашәара ҟалартә иалдыршоит. Атәылаз еиҳа актуалра рыланы иҟоуп харантәи афымцамч шаҟа рхы иадырхәаз гәазҭо аппаратқәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Багаԥшь иажәақәа рыла, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аенергетика аусхк аиҭашьақәыргыларазы акомплекстә план еиҿкаауп. Абри аплан ала аремонт ззыруа аихшаратә ҳақәа ахылаԥшратә хархәагақәа рыла еиқәыршәахоит. Уажәы урҭ рықәыргылара мҩаԥыслоит Тҟәарчал, Гагра, Очамчыра араионқәа рҿы.

"Амшынеиқәафымцамч" акәзаргьы, арҭ ахархәагақәа рықәыргылара иаҿуп ахатә биуџьет ала, аха афинанстә ҭагылазаашьа иахҟьаны шықәсык ахь шәкы рҟынӡоуп иахьрылшо.

"Аилахәыра афинанстә уадаҩрақәа амоуп. Уи адагьы аенергетика аганахьала ҳзакәанԥҵара ауадаҩрақәа амоуп. Уаанӡа аҳәынҭқарра аенергетика азхьаԥшра ду анаҭозар, уажәы ахылаԥшратә хархәагақәагьы рзықәыргылом. Арахь дара рыхәқәа шьҭыҵуеит. Аилахәыра аԥарақәа реиҳарак егьырҭ зыда ԥсыхәа ыҟам амыругақәеи ахархәагақәеи ирыхҭыннаҵоит", - ҳәа иҳәеит Багаԥшь.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Аԥсны ААР мчыбжьык аҩнуҵҟала 230 маининг-аппарат аҿырхит

Багаԥшь игәаанагарала, Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы ажәытә хархәагақәа ԥсахзар, ауааԥсыра хылаԥшрада афымцалашара ахархәара рзалмыршо ахылаԥшратә шьақәгылақәа ықәыргылазар аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуан.

Хәажәкыра 1 азы аҳәынҭқарра зинтә политиказ аилак аилатәараҿы иахәаԥшуан аенергетика аусхк аҟны азинеилагарақәа зҵазкуаз Аԥсны АЗ ариашарақәа.

Ариашарақәа инарықәыршәаны закәаншьаҭада афымцамч ахархәара атәылауааи, аиурист хаҿқәеи, анаплакыҩцәеи хараԥсас ирыднаҵоит иреиҵаӡоу ауалафахәқәа 20 рыхә киловаттк азы. Амаҵзурауаа рзы ахараԥса иреиҵаӡоу ауалафахәқәа 1000 рыхә киловаттк азы. Арҭ ариашарақәа Апарламент аилатәараҿы ирылацәажәараны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0