Гагра 2021 шықәса мшаԥымзазы аԥсшьараз еиҳа иалырхыз акурортқәа хәба ирыҵанакит

© Sputnik / Томас ТхайцукКолоннада в Гаграх
Колоннада в Гаграх  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса мшаԥымзазы аԥсшьараз еиҳа иалырхыз акурортқәа жәаба рсиа шьақәнарӷәӷәеит заанаҵтәи аҿаҵаратә маҵзура.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Гагра 2021 шықәса мшаԥымзазы аԥсшьараз еиҳа иалырхыз акурортқәа хәба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит анхарҭақәа заанаҵтәи рҿаҵара иазку амаҵзура Tvil.ru.

Амаҵзура иазгәанаҭоит урыстәылаа реиҳараҩык активла аԥсшьара шхацдыркуа мшаԥымза инаркны. Дара ауаа рацәаны иахьыҟоу рыҽрыцәхьаркуеит, убри азы Tvil.ru иазгәанаҭеит ааԥынразы еиҳа иалыркаауа аҭыԥқәа.

Сынтәазы иалкаауп: Алушта, Санкт-Петербург, Анапа, Кисловодск, Казань, Калининград, Москва, Нижни Новгород, Красноиарск (Урыстәыла), Гагра – Аԥсны.

  • Алушта - 1904 ₽ / 8,2 уахи-ҽни.
  • Санкт-Петербург – 2257 ₽ / 5,5 уахи-ҽни.
  • Анапа – 1521 ₽ / 8,9 уахи-ҽни.
  • Кисловодск – 1548 ₽ / бжьаха-бжьымш.
  • Гагра – 1093 ₽ / 7,5 уахи-ҽни.
  • Казань - 2816 ₽ / 3,3 уахи-ҽни.
  • Калининград – 1133 ₽ / 7,5 уахи-ҽни.
  • Москва – 3583 ₽ / хаха-хымш.
  • Нижни Новгород – 2000 ₽ / хаха-хымш.
  • Красноиарск – 1500 ₽ / ҩаха-ҩымш.

Реиҳараҩык атуристцәа мшаԥымзазы иалырхуеит аотельқәа рҿы аангылара — 54,12%, ауадақәа рҿы — 36,28%, аҩнқәа рҿы — 8,69%. Ҩыџьа-ҩыџьала аԥсшьара алырхуеит - 47,87%. Ҭаацәала - 17,99%, рхала - 13,87%.

Tvil.ru астатистикала атуристцәа 2-8 уахи-ҽни рыԥсы ршьоит, инырхуеит бжьаратәла 1,1 - 3,6 нызқьмааҭ уахыки-ҽнаки рыла. Калининград еиҳа имариоуп аԥсшьараз, ахәқәа дууп – Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0