"Ашанеи" "Аинвацхыраареи" аныҟәара зцәыцәгьоу ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ацхыраара рырҭоит

CC0 / / Дети
Дети  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳаи Ассоциациа "Аинвацхыраара" ахантәаҩы Алхас Тхагушеви реиԥылара мҩаԥысит хәажәкыра 10 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Ассоциациа "Аинвацхыраареи" аныҟәара зцәыуадаҩу ахәыҷқәа атехникатә цхыраагӡақәа рыла реиқәыршәараз апрограмма анагӡаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит афонд жә-шықәсатәи аусура иалагӡаны ишрыдҵаалаз зныҟәара ԥку ахәыҷқәа рацәаҩны.

"Афонд "Ашана" дара ахәышәтәра, ареабилитациа иахысырц ацхыраара рнаҭоит. Асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы атехникатә хархәагақәа рыла еиқәыршәатәуп. Уаанӡа афонд ари аҩыза ацхыраара азыҟаҵомызт дасу ихәҭоу шьақәзыргылаша аҟазауаа ахьрымамыз азы", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

"Ашанеи" Ассоциациа "Аинвацхыраареи" еицаԥшьаргаз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ассоциациа аҟазауаа ҷыда-ҷыдала досу арҭ ахархәагақәа рзалыркаауеит. "Ашана" урҭ раахәаразы аԥареизгара рыланаҳәоит.

Одна из улиц города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Аслан Бжьаниеи Алхас Тхагушеви амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит

"Апроект аҭаацәарақәа жәпакы рзы ицхыраагӡахоит. Зегьы ирылшом асеиԥш атехникатә хархәагақәа раахәара", - ҳәа лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Ассоциациа "Аинвацхыраара" ахантәаҩы Алхас Тхагушев иазгәеиҭеит атехникатә хархәагақәа зныҟәара ԥку рыԥсҭазаара армариаразы акыр шаҵанакуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0