Акоронавирус азы аԥкрақәа мшаԥы 12 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵахоит

© Sputnik / Леон Адлейба РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина
РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперштаб Аԥсны 13 нызқь иреиҳаны COVID-19-хҭыс ҟалахьеит, 203–ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит ҳәа аанацҳауеит.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Акоронавирус азы аԥкрақәа мшаԥы 12 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵахоит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аслан Бжьаниа хәажәкыра 10 рзы.

Люди в масках в транспорте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Акоординациатә штаб ахада иабжьыргеит аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа рыҿҳәара инахазарц

Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб хәажәкыра 9 рзы иҟанаҵаз ажәалагала шьаҭас иҟаҵаны, атәыла ахада аӡбамҭа идикылеит уаанӡа хәажәкыра 10 рҟынӡа амч змаз аԥкрақәа рыҿҳәара мшаԥы 12 рҟынӡа инахазарц.

Уи аусԥҟа инақәыршәаны, мшаԥы 12 рҟынӡа азин ыҟам:

  • ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара;
  • амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара;
  • аспорттә обиектқәа русура (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә бассеинқәа), аҳауаҿы абаҩрҵәыра-спорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ада;
  • СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
  • арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура иарку азалқәа рҿы;
  • акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура.

Икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса мшаԥы 12-нӡа руалафахәы рызныжьны. Аусура инеиуа аусзуҩцәеи аҭааҩцәеи хымԥада ахыхьчагатә материалқәа рыла еиқәшәазароуп.

Аҳәынҭнапхгараҭара ацентртәии аҭыԥантәии усбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә, ареспубликатә, амуниципалтә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу аусзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса мшаԥы 12-нӡа руалафахәы рызныжьны. Аусура инеиуа аусуҩцәеи аҭааҩцәеи хымԥада ахыхьчагатә маҭәахәқәа рыла еиқәшәазароуп.

Аусдҵа амчра аиуит хәажәкыра 10 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0