Давыденко: 2021 шықәсазы Аԥсныҟа миллионки бжаки инарыцны атуристцәа аауеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Туристы на набережной
Туристы на набережной  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә форум "Аԥсны – аԥсы атәыла" лаҵарамзазы ареспубликаҿ имҩаԥгахараны иҟоуп. Уи ҩышәҩык инареиҳаны ажурналистцәа, атуроператорцәа алахәхоит.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. 2021 шықәсазы Аԥсныҟа миллионки бжаки инарыцны атуристцәа аауеит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла атуризм азы афедералтә маҵзураҿы иҟоу ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Давыденко.

"Аԥсныҟа атуристцәа раара аизҳара аус адааулоит. Иахьазы ареспублика иамоуп алшара миллионки бжаки атуристцәа аднакыларц, амаҵзура бзиақәа рнаҭарц", - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьазы урыстәылатәи атуристцәа рзы иаарту Ҭырқәтәылеи Аԥсни ахьракәу инадҳәаланы иазԥхьагәоуҭар алшоит аԥсшьаҩцәа рырацәара ҳәа иҳәеит Давыденко.

Таймураз Хишба и Дмитрий Давыденко  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Атуристтә форум "Аԥсны – аԥсы атәыла" лаҵарамзазы ареспубликаҿ имҩаԥгахоит

"Миллионки бжаки – ари Аԥсны иалшоит. Ҳәарада апроблемақәа ыҟоуп, аха аԥснытәи ҳпартниорцәеи ҳареи амаҵзурақәа рхаҭабзиара аизырҳара аус адаауылоит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла атуризм азы афедералтә маҵзураҿы иҟоу ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Давыденко.

Давыденко ипроблема хаданы иишьо ахәԥсеи ахаҭабзиареи реишьашәалароуп. Урҭ адунеитә стандартқәа ирықәшәозар, проблема ҟалом ҳәа иҳәоит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атуристтә форум "Аԥсны – аԥсы атәыла" лаҵарамзазы ареспубликаҿ имҩаԥгахоит, ҩышәҩык инареиҳаны ажурналистцәа, атуроператорцәа алахәхоит ҳәа.

Афорум иахықәкуп Аԥсны атуристцәа рыдкылара, амаҵзура ҳаракқәа рыҭара ишазыхиоу аарԥшра ҳәа иҳәеит Дмитри Давыденко.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0