Аҟәа амилициаа иреихсуа ирцәыбналоз ауаа рырбаандаҩшьа еиҭакуп

© SputnikВоенные госпиталь покидает Абхазию
Военные госпиталь покидает Абхазию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәса хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Ацәгьоуцәа аҳауахь ахысра иалагеит.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Амилициа аоперативтә усзуҩцәа рганахьала амч рхы иадырхәеит ҳәа иршьаз Аинари Аслани Зыхәаа рырбаандаҩра аус аҩнтәы рбаандаҩрала еиҭаркит 2021 шықәса мшаԥы 11 рҟынӡа. Абри атәы аҳәоит Апрокуратура хада асаит.

Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Зыхәба Аинари Зыхәба Аслани рыхьчаҩцәа рзыҳәа дақәшаҳаҭханы рырбаандаҩра аҭагылазаашьа иԥсахит, аҳәынҭқарратә харадҵаҩцәеи ааха заузи шаҿагылазгьы.

Зыхәба Аинари Зыхәба Аслани рганахьала аӡбамҭа ҿыц иахашшаараны иҟоуп хымш рыҩнуҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь.

Уаанӡа, 2021 шықәса жәабран 1 азы аӡбаҩ Степанов А.Г., егьи аус алахәыла Аҩӡба Гарри ирбаандаҩра аҿҳәара ацҵара аганахьала апрокурор изыҳәа дахәаԥшны мап ацәикхьан, уи ацынхәрас атәыла дшалымҵуеи ахымҩаԥгашьа бзиа шааирԥшлои рзы ашәҟәы напы иаҵарҩын.

2021 шықәса жәабран 11 рызтәи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа иҳәаақәнаҵаз апрокурор иқәҵара – Аҩӡба Гарри атәыла далҵны имцара - аԥыхын, уи ацынхәрас аҩнытә рбаандаҩра изышьақәыргылан 2021 шықәса 2021 шықәса мшаԥы 11 рҟынӡа.

Сотрудник полиции возле служебного автомобиля - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2020
Амилициаа хысрала ирцәыбналоз рус аӡбарҭахь инашьҭуп

2020 шықәса хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа ирышьҭан, уа ианнеигьы, азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.

Ацәгьоуцәа аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0