Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә пункт Гагра ҩымш ашәҟәқәа рыдыркылалоит

© SputnikКонсульский отдел при Посольстве России в Абхазии
Консульский отдел при Посольстве России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә пункт Гагра ақалақь аҿы иаартын 2010 шықәсазы. Иара акурорттә сезон аамҭазы аус ауеит, аӡыни ааԥыни иаркуп.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә пункт Гагра ҩымш, хәажәкыра 12-13 рзы, ашәҟәқәа рыдыркылоит ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра араион ахадара Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Абиометрикатә ҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы арзаҳалқәа рыдыркылоит хәажәкыра 12 асааҭ 9:30 - 17:00 рзы (аԥсшьараамҭа: 13:00 - 14:00). Ихианы иҟоу хәышықәсатәи аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа заанаҵы ҭелла адырра зырҭахьоу ахаҿқәа ирзыршоит хәажәкыра 13 асааҭ 9:30 - 17:00 рзы (аԥсшьараамҭа: 13:00 - 14:00).

В пятницу 12 марта в консульском пункте в г.Гагра (отделении милиции) с 9.30 до 17.00 с перерывом на обед с 13.00 до...

Опубликовано Курорт Гагра - Официальный сайт Среда, 10 марта 2021 г.

Абиометрикатә тәылауаҩшәҟә аиҿкааразы аконсултә еизгара 5920 мааҭ ыҟоуп. 50 мааҭ ацуп абанктә маҵзуразы. Атәылауаҩшәҟәы аҿҳәара иахыԥахьазар, Урыстәыла атәылауаҩра амазаара ашьақәыргыларазы аконсултә еизгара 4810 мааҭ ыҟоуп, 50 мааҭ абанктә маҵзуразы иацлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0