Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала амазаразы азакәан ахь аиҭакрақәа аднамкылеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Заседание парламента
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан аҵыхәтәантәи ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2020 шықәса жәабранмзазы.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа аларымгалеит иахьа, хәажәкыра 12 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит ҳкорреспондент.

Адокумент рыдигалеит адепутат Гиви Кәарҷиа. Иара иазгәеиҭеит азакәан шрыдыркылахьоу, аха амчра шамоуц, избанзар "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәан амчра анаиулак ашьҭахь акәхоит ҳәа иахьшьаз азы.

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа ахаҭарнакцәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа.

Ариашарақәа ируакхеит азакәан амч аиура азҵаара: ариашарақәа раԥшьгаҩцәа "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәан амчра аиура иазымԥшкәа 2021 шықәса мшаԥы 3 инаркны азакәан амчра аиуроуп ҳәа иршьоит.

Адепутат Алмас Џьапуа ажәалагала ҟаиҵеит ариашарақәа адгылара рырҭарц, иҳәеит азакәан апроект иадгылар, акыршықәса аус здырулоз ари адокумент аусура иалагоит ҳәа.

Народное собрание Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2020
Жәлар реизара адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа аларгалеит

Апарламентари Валери Агрба иара убасгьы ариашарақәа рыдкылареи азакәан амчра аиура арыцхәи дрыдгылеит.

Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Саида Быҭәԥҳа иазгәалҭеит азакәан адкылара ашьҭахь иара ахархәара алшахароуп ҳәа. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит азакәан аус аиҭадулара шаҭаху, амчра анаиулак ашьҭахьгьы.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иазиԥхьаӡоит азакәан амчра аиуроуп "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь ҳәа.

Гиви Кәарҷиа иазгәеиҭеит макьана аамҭа шыҟоу аҳәынҭмаҵзуразы азакәан адкыларазы, убри азы уажәы уи азыԥшра аҭахны ишимбо.

Актәи аԥхьараан адепутатцәа рыбжьы рҭиит иалагалаз ариашарақәа рзы, аха аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараантәи абжьыҭираан иазхоз абжьқәа амоуит.

Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан аҵыхәтәантәи ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2020 шықәса жәабранмзазы.

Ԥхьаҟазы ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Уи инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы.

Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Уаанӡа асаит аҿы адекларант иҭаацәа рзы адыррақәа ркьыԥхьра ҟаломызт, аха азакәан иаларгало ариашарақәа иазԥхьагәарҭоит уи азы аинформациа, дара ахьынхо аҭыӡҭыԥгьы убрахь иналаҵаны, аларҵәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0