Афырхацәа рымҩала: Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Гәымсҭа ахықәан

© Foto / Эсма КвицинияАкция в память погибших в Мартовском наступлении
Акция в память погибших в Мартовском наступлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа ааигәа-сигәа иҟаз астратегиатә ҳаракырақәа рнапаҿы иааргеит.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акциа "Афырхацәа рымҩала, ахьӡ-аԥша амҩала" мҩаԥган 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәаразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент адиректор лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа.

"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии ҳареи апроект еицымҩаԥаагеит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар аҵак ду змоу еиуеиԥшым аҭыԥқәа ирҭаауеит. Акциақәа мҩаԥаагоит Лаҭатәи арыцҳара, Ианвартәи ажәылара, Аиааира амш, Аҟәа ахақәиҭра амш уҳәа раан. Аибашьра аветеранцәа ҳарԥылоит дара аибашьра-ҭыԥқәа рҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Ауснагӡатә аламҭалаз акциа алахәылацәа Аҟәа араион ахадара рыцхыраарала Марттәи ажәылараан иҭахаз рбаҟа ахьгылоу аҭыԥ дрыцқьеит ҳәа лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

© Foto / Эсма КвицинияАфырхацәа рымҩала: Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Гәымсҭа ахықәан
Афырхацәа рымҩала: Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Гәымсҭа ахықәан - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Афырхацәа рымҩала: Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Гәымсҭа ахықәан

"Акциахь инаԥхьан аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа. Аветеранцәа еиҭарҳәон ари ажәылараантәи ахҭысқәа. Иара убасгьы ҳара ҳарҭааит 14 ҭыԥ – иҭахаз рыхьӡала абаҟақәа ахьгылоу", - ҳәа лҳәеит лара.

Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Ҳанацәа рныҳәаԥхьыӡ ҳаиқәнархеит: Роберти Варлами Ҳаразиаа реибашьратә мҩа

Акциа алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьагьы. Акциа "Афырхацәа рымҩала, ахьӡ-аԥша амҩала" аиҿкааҩцәа егьырҭ аныҳәамшқәа раангьы ари акциа амҩаԥгара азԥхьагәарҭоит ҳәа лҳәеит лара.

1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа еибашьцәа.

Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы аветеранцәа иазырԥхьаӡоит иара аибашьра аиҭакра алнаршеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0