Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит

© Foto / МЧС РАОчамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит аԥсабаратә мцакрақәа зыхҟьар ауа аҳаскьын-ҩа абылра иаҟәыҵырц.

АҞӘА, хәажәкыра 17- Sputnik. Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа рырцәара иаҿын хәажәкыра 16 зегьы. Аҵх акыр инеихьан зехьынџьара амца арцәара алдыршеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Амцакра ыҟан Очамчыра, Аҽгәара, Лашькьындар, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Араду, Баслахә.

© Foto / МЧС РАПожары в Очамчырском районе
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит - Sputnik Аҧсны
1/2
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит
© Foto / МЧС РА Пожары в Очамчирском районе
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит - Sputnik Аҧсны
2/2
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит
1/2
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит
2/2
Очамчыра араион аҿы аԥсабаратә былрақәа дырцәеит

Амца дырцәон Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа зегьы, иара убасгьы аамҭак азы уи иалархәын Гал араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭагьы.

Иҟаз аҭагылазаашьазы Лашькьындар ақыҭа амҩаду аҿы аныҟәара аанкылан. Амца ркын аевкалиптҵлақәа, аԥсаҵлақәа.

АҶА адыррала амца иахыҵхырҭоуп ақыҭауаа руҭрақәеи рҳәысҭақәеи рҿы арыцқьаратә усурақәа имҩаԥырго.

Ажәабжьқәа зегьы
0