Европа ачемпионат ConIFA-2021 амҩаԥгара арыцхә иахыгоуп

© Foto / Con ChronisМяч на поле во время чемпионата по футболу ConIFA
Мяч на поле во время чемпионата по футболу ConIFA - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2021 Европа ачемпионат иалахәхараны иҟоуп. Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2021 ахәмаррақәа рзы аҵәҭаԥсара мҩаԥган жәабран 20 рзы. Аԥсны агәыԥ В иақәшәеит.

АҞӘА, хәажәкыра 18- Sputnik. Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Франциа, Ницца ақалақь аҿы. Ачемпионат аамҭа ахыргеит, имҩаԥгахоит ԥхынгәы 7-17 рзы ҳәа аанацҳауеит атурнир Twitter аҿтәи аккаунт аҿы.

Уаанӡа атурнир рашәара 9-19 рзы имҩаԥыргараны иҟан. Арыцхә захыго амзызқәа рыӡбахә ҳәам.

Зынӡа атурнир иалахәуп 12 команда: Ницца Аграфра еизгоу акоманда, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Паданиа, Сапми, Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Аҩадатәи Кипр, Арцах, Секеитәи атәылаҿацә, Чамериа, Сардиниа, Корнуолл.

2016 шықәсазы ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA Аԥсны имҩаԥысуан. Аԥснытәи акоманда аиааира агеит.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә командақәа р-Конфедерациа еиҿкаан 2013 шықәсазы. ConIFA еиднакылоит FIFA иалам акомандақәа, зынӡа – 25 команда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0