Какалиа: акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа рыдрымкылар амитинг мҩаԥгахоит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Участники инициативной группы, которые выступают за принятие закона о декларировании доходов и расходов чиновников
Участники инициативной группы, которые выступают за принятие закона о декларировании доходов и расходов чиновников - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы азакәан адкылараз иқәгыло аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа Аҟәа еизеит.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент изаамҭанытәиу асессиаҿы акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа рыдрымкылар амитинг ахь ауаа ааҳаԥхьоит, иҳәеит аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Асҭамур Какалиа.

"Агәҭынчымра ҳнаҭоит 27-ҩык адепутатцәа адекларант зықәра наӡахьоу ихшара ашәҟәы раныхразы рыбжьы ахьырҭииз, аха убри аан азакәан амчра аиурц азы рыбжьы ахьырымҭииз", - иҳәеит Какалиа.

Батал Тапагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2020
Арадио
Тапаӷәуа амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала арбаразы азакәан азы: аандада агәашә ҿаҵоуп

Иара оумашәа ибаны иҳәоит адепутатцәа рыхәҭак аҩбатәи аԥхьарала абжьыҭираан азакәаназ ргәаанагара аарԥшышьак ахьарымҭаз, рыбжьы зынӡа иахьырымҭииз.

Еизаз Апарламент адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит азакәан ахь ариашарақәа аларгаларц, азакәан амчра анаиуа арыцхә шьақәдыргыларц.

"Ачынуаа рмазара адекларациа ахьазырымуа аҳәынҭқарраҿы аҽа закәанк адкыларагьы аҭахны иҟам", - иҳәеит Асҭамыр Какалиа.

Иара иазгәеиҭеит анапхгарахь инарышьҭуа реиҳараҩык уала-ҭахыла шакәу ишнеиуа, рыпрофессионалтә ҟазарала акәымкәа.

Асҭамыр Какалиа акритика рзиуит депутатцәақәак аҳәынҭмаҵзура азы азакәан рыдыркылаанӡа ари азакәан амчра заиуам ҳәа ирҳәо азы.

"Иара азакәан ахаҭа актәи адаҟьаҿы иарбоуп амаҵзуратә хаҿы дызусҭо азы аилкаара", - иҳәеит Какалиа.

Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак азакәан амчра аиура иахәҭоу ариашарақәа мҩаԥгахаанӡа иаҭахым ҳәа лықәгылара далацәажәо иҳәеит, атәыла анапхгара акоррупциа иаҿагыло азакәан адкылара дыргәагәоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0