Аекономика аизҳареи Аԥсны амадареи: Ҟрым Урыстәыла иалахәны аҿиара иалацәажәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 17 2014 шықәса рзы Ареспублика Ҟрым ахьыԥшымра рылаҳәан. Иара убри амш азы Владимир Путин иҭижьит Адҵа "Ареспублика Ҟрым азхаҵаразы", хәажәкыра 18 рзы Ҟрым Урыстәыла алаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. 2014 шықәса раахыс Ҟрым арегионалтә аалыҵ азеиԥш хәҭа иацлеит, иацлеит ареспубликатә биуџьет ахь ахатә феида ахәҭагьы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҟрымтәи Афедералтә университет аекономика аинститут адиректор Виктор Реутов.

Весна в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2020
Аԥсныи Ҟрыми реиҭанеиааира паранла еидҳәалахар ҟалоит

Иара иажәақәа рыла, 2015 шықәса рзы арегионалтә аалыҵ азеиԥш хәҭа иацлеит 2,5 рыла еиҳаны 2014 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны. Иацлеит абиуџьет афеидатә хәҭагьы: 2015 шықәса рзы 100 миллиард мааҭ ыҟазар, 2020 шықәсазы – 200 миллиард мааҭ ҟалеит.

"Арегионалтә аалыҵ азеиԥш хәҭа аизҳашьала Ҟрым Урыстәыла аԥхьагылара амоуп. Иҟалап ари Ҟрым аҿиара апрограмма акәзар иалзыршаз – триллион мааҭ инеиҳаны аобиектқәа ринфраструктура, амҩақәа рышьҭаҵара, ацҳақәа рыхҵара, аҳаирбаӷәазақәа рыргылара. Ари зегьы Ҟрым аҿиара иахәарҭахеит. Апрограмма анхыркәшахалакгьы аҿиара мҩаԥыслоит. Уажәы ахатәы феидақәа рыхәҭа аҿиара аиуа алагеит", - иҳәеит Реутов.

Аԥсныҟа аекспорт

Ҟрымнтәи Аԥсныҟа иааргоит аиҳарак афатәаалыҵ, ахимиатә аалыҵ. 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп ҟрымтәи анаплакыҩцәа Аԥсныҟа раара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аекспорт адгыларазы Аладатәи арегионалтә центр адиректор Ксениа Слуцкаиа.

Вахтанг Ԥиԥиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2019
Арадио
Ԥиԥиа Ҟрыми Аԥсни русдкылаҩцәа реиԥыларазы: ҳаимадара ҳхы иахьаҳархәаша ҳазхәыцуеит

Лара лажәақәа рыла, Ҟрымынтәи Аԥсныҟа аекспорт 2020 шықәсазы иартәеит 2,6 миллион доллар.

"Аԥсны ҳара ҳзы реиҳа азхьаԥшра зҭаху ҭыԥуп. Ҟрымнтәи Аԥсныҟа аиҳарак инарышьҭуа: афатә, акәац, ахимиатә аалыҵқәа роуп. Аԥсуа гани ҳареи ҳаимадара агәахәара ҳнаҭоит, избанзар уа ауаа ргәы аартуп, аилаӡарақәа нагӡазарц ирылшо ҟарҵоит", - лҳәеит лара.

Слуцкаиа лажәақәа рыла, 2019 шықәсазы Ҟрымтәи аделегациа Аԥсны иаҭааит усутә визитла. Уи аамҭазы аекспорттә еилаӡарақәа нап рыҵаҩын. 2020 шықәсазы апандемиатә ԥкрақәа раан аусеицура атемпқәа маҷк икаҳаит. Аха хәажәкыра 30 рзы Симферополь имҩаԥысраны иҟоуп астол гьежь. Иара далахәхоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак.

"2021 шықәсазы Аԥсныҟа инеираны иҟоуп ҟрымтәи аделегациа, уи аҭакс Ҟрымҟа инеираны иҟоуп аԥснытәи аделегациа", - лҳәеит лара.

Ҟрым Урыстәыла иахәҭакхеит 2014 шықәса рзы имҩаԥгаз ареферендум ашьҭахь. 95 процент Ҟрым ауааԥсыра Урыстәыла алаларазы рыбжьы рҭиит. Москва иазгәарҭеит ҟрымаа ЕАР (ООН) аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны рԥеиԥш алырхит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0