Аԥснытәи аномерқәа зықәгылаз жәа-машьынак Кырӷызсҭан ахараԥсаргыларҭахь инаргеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Автомобильные номера
Автомобильные номера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Кырӷызсҭан ареидқәа мҩаԥыргоит закәаншьаҭада атәылахь иалагаланы ахархәара зырҭо амашьынақәа раарԥшразы.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгылоу амашьынақәа Кырӷызсҭан ахараԥсатә ргыларҭахь инаргалоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Кырӷызсҭан, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Уажәы Кырӷызсҭан ареидқәа мҩаԥыргоит закәаншьаҭада атәылахь иалагаланы ахархәара зырҭо амашьынақәа раарԥшразы. Ареидқәа раан аҳазалхыҩцәеи амҩатә шәарҭадара аиқәыршәареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аԥсуа номерқәа змаз амашьынақәа жәаба ныркылеит. Дара аҳазалхратә хылаԥшырҭахь инаганы идыргылеит.

Амашьынақәа уахь инаган ЕАЕС аҵакыраҿы атранспорттә хархәагақәа рыла аамҭала аныҟәараз аԥҟара ахьеиларгаз, аекономикатә еидгыла аҳазалхратә закәанԥҵара иахьықәныҟәамыз.

Аԥснытәи аҭаҩратә номерқәа змоу амашьынақәа ралкааразы ареидқәа мҩаԥгахоит Кырӷызсҭан зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0