Даур Ақаҩба Сергеи Лавров имш иира идиныҳәалеит

© Sputnik / Ramil Sitdikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр иностранных дел РФ Сергей Лавров во время встречи со студентами МГИМО в Москве
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров во время встречи со студентами МГИМО в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров хәажәкыра 21 аҽны иазгәеиҭоит имш иира, ихыҵуеит 71 шықәса.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба урыстәылатәи иколлега Сергеи ЛАвров имш иира идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит "ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа хра рыманы имҩаԥысуеит" ҳәа.

"Агәра згоит ҳтәылақәа рыбжьара активла имҩаԥысуа аполитикатә диалог Аԥсни Урыстәылеи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа ишарӷәӷәо", аҳәоит адныҳәалараҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит урыстәылатәи иколлега аԥсуа дипломатцәа усутә ныҟәарыла Москва ианыҟаз идкылашьа азы.

Ақаҩба Лавров изеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, инапы злаку адипломатиатә ус аҿы ақәҿиарақәа.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диит хәажәкыра 21, 1950 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0