Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхоит ашәахьа ахәылбыҽханӡа

© Sputnik / Акоп Кущян Свечка
Свечка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Афымцацәаҳәа аидара ацәыхьанҭахареи ауашәшәырреи ирыхҟьаны гәдоуҭатәи астанциа маҷ аҟны авариа ҟалеит. Иблыз афымцацәаҳәа 15 шықәса раԥхьа ахархәарахь ирыҭан.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхоит ашәахьа ахәылбыҽханӡа астанциа маҷ "Гудаута-тяга 110" аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны, абри атәы рҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиал аколл-центр аҿы.

"Афидерқәа рахь алашара назышьҭуаз акабель блит. Аремонттә бригада авариа аҭыԥ ақәҵара иаҿуп. Уи аамҭақәак аҭаххоит, избанзар аусура ауадаҩрақәа амоуп. Ԥхьаҟагьы авариак ҟалар ахархәаразы арезервтә кабель мҩангатәуп. Амш зегьы аусура аҭаххоит", - азгәарҭеит аколл-центр аҿы.

Лашарада иҟоуп ақалақь агәы, Гобечиа имҩа, Замостианка араион, ақыҭақәа Лыхни Ҟәланырхәеи рыхәҭак.

Иблыз афымцацәаҳәа 15 шықәса раԥхьа ахархәарахь ирыҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0