Араионтә еизарахь аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДокументы
Документы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥгахоит ҳазну ашықәс мшаԥы 11 рзы.

Араионтә алхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 22 рҟынӡа ашәҟәы рыҽҭаргалеит 241 аԥшьгаратә гәыԥ, аполитикатә партиақәа рҟынтәи 36 кандидат ықәыргылоуп. Абжьыҭара аҽны иалххоит ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадарақәа рнапхгаҩцәа. Алхыҩцәа ҩ-биуллетенк хадырҭәаауеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы. Азакәан инақәыршәаны депутатс далхзар алшоит 25 шықәса зхыҵыз дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ. Зус рыӡбахьоу ахаҿы Аизара адепутатс иlҟалар ҟалом, иара убасгьы анаркологиатәии аgсихоневрологиатәии диспансерқәа рҟны иҭаҩу, анаркоманцәеи атаксикоманцәеи арахь иаҵанакуеит.

Гарри Гыцба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Арадио
Гыцба аҭыԥантәи алхрақәа рзы: асиақәа рганахьала ауадаҩрақәа цәырҵлоит

Бадри Есиава, Sputnik

Гагра араион

Араионтә еизарахь зкандидатцәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара Гагра ихыркәшахеит хәажәкыра 21 азы. Дара зынӡа 39 ыҟан.

Гагра араион алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Беслан Кәартаа иазгәеиҭеит аполитикатә партиақәа шыҟамыз, убри аан хәҩык аҳәса ркандидатурақәа ықәыргылан.

"Гагра араионтә еизара 25 депутат рыла ишьақәгылоуп. Аиҳарак ахаланаплакыҩцәа ркандидатурақәа ықәдыргылоит. Иҟоуп: азиндырыҩцәа, арҵаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭа ахаҭарнак. Алхратә сиақәа макьана иҭырҵаауеит. Араион аҿы 25 000-ык алхыҩцәа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Кәартаа.

Зегь иреиҵбу 27 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 61.

Гәдоуҭа араион

Гәдоуҭатәи алхратә комиссиаҿы аҵыхәтәантәи арзаҳал амҽыша ирыдыркылеит. Акомиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз иажәақәа рыла, 63 аԥшьгаратә гәыԥ рҟынтәи 6 гәыԥк рырзаҳалқәа дырхынҳәит.

Лаврентий Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Арадио
Гәбаз аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы: активра ӷәӷәоуп

"Алхрақәа рылахәхара мап ацәыркит акандидатцәа ахьырацәоу азы. Иқәгылоу рҟынтәи 14 кандидат уаанӡагьы идепутатцәан", - ҳәа иҳәоит Гәбаз.

Ақыҭақәа Блабырхәа, Бармышь, Мҵара рхатә кандидатцәа ықәдыргылеит азеиԥш еизараҿы. Азакәан ала абасеиԥш аан анапынҵамҭақәа еизгатәым. Аполитикатә партиақәа аӡәгьы дықәыдмыргылеит.

Акандидатцәа 90% иреиҳау аҵара рымоуп. Иҟоуп азиндырыҩцәа, аекономистцәа, арҵаҩцәа. Иҟоуп абжьаратехникатә ҵара змоу, иҟоуп аамҭала аус зымуа.

Адепутатрахь инеиуеит хәҩык аҳәса, руаӡәк Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан. Леон иорден ланашьоуп.

Иреиҵбу 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 68.

Гәбаз ишиҳәаз ала, аилагарақәагьы аҭыԥ рыман. Арегламент ала анапынҵамҭақәа 40 иреиҵамзароуп, 70 иреиҳамзароуп, аха иҟан еиҳаны анапынҵақәа еизызгаз. Иҟан знапы аҵазҩыз, игәакьа изынгьы инапы аҵаҩра ауаны изыԥхьаӡаз.

Гәдоуҭа араион аҿы 29 ҭыԥ хада ыҟоуп, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 24 000 рҟынӡа инаӡоит.

Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Арадио
Џьапуа аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар агәацԥыҳәара ахьаадырԥшуа сеигәырӷьоит

Аҟәа араион

Аҟәатәи араионтә еизара 15-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Иахьазы 25-ҩык акандидатцәа ықәгылоуп, урҭ рҟынтәи хәҩык ҳәсоуп ҳәа иҳәоит алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Џьапуа.

"Акомиссиа иахьа инаркны адокументқәа ҭҵааны акандидатцәа рҭаҩра иалагоит. Ари аус алхрақәа жәамш шрыгу ихыркәшатәуп. Иреиҳабу акандидат 70 шықәса ихыҵуеит, иреиҵбу – 29. Иҟоуп уаанӡа идепутатцәазгьы", - ҳәа иҳәоит иара.

Џьопуа иазгәеиҭеит аполитикатә партиақәа аӡәгьы дшықәдмыргылаз. Араион аҿы х-нызқьҩык алхыҩцәа ыҟоуп.

Аҟәа

Аҟәатәи алхратә комиссиаҿ 45 аԥшьгаратә гәыԥ ыҟоуп, урҭ рҟынтәи ԥшь-гәыԥк ҳәсоуп зкандидатура ықәдыргыло. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи кандидатура ықәдыргылом.

Иреиҵбу акандидат 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу - 59. Аполитикатә кариера аҟаҵара рыгәҭакуп: архитектор, аенергетик, астоматолог, ахирург, анџьныр, аспортсмен, анаплакҩы уҳәа егьырҭгьы.

Аҟәа 40 нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ыҟоуп, еиҿкаахоит 19 ҭыԥ хада.

Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Арадио
Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа

Гәылрыԥшь араион

Гәылрыԥшь араион аҿы 15 депутат алхтәхоит. Алхыҩцәа рсиа 11 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Алхратә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сусанна Триандофилиди ишылҳәо ала, аҭаҩратә процедура иахысит 23 аԥшьгаратә гәыԥ, аполитикатә партиақәа ыҟамызт.

"Акандидатцәа рыбжьара хҩык ҳәсоуп. Хҩык акандидатцәа 70-70 шықәса рхыҵуеит, иреиҵбӡоу 25 шықәса ихыҵуеит. Милаҭла аиҳарак аԥсуааи аерманцәеи роуп иҟоу", - ҳәа лҳәеит лара.

Триандофилиди илҳәеит акомиссиа адокументқәа ҭҵааны акандидатцәа рҭаҩра ишалаго.

Очамчыра араион

Алхратә комиссиа ахантәаҩы Роберт Шьынқәба иҳәеит ашәҟәы ишҭагалоу 39 аԥшьгаратә гәыԥ, 15 кандидат аполитикатә партиа "Амцахара" ишықәнаргылаз.

"Хәҩык-фҩык акандидатцәа уаанӡагьы депутатс иҟан. Акандидатцәа иреиҵбу 26 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 66. 50 кандидат аԥсыуаауп, хҩык ерманцәоуп, аӡәы дақырҭуоуп. Аҭыԥҳацәа фҩык ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба мап ркит алхрақәа рылахәхаразы. Очамчыра араионтә еизарахь иалххоит 32 депутат. Рыбжьы рҭиуеит 15 нызқьҩык.

Виталий Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Арадио
Кәыҵниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар иаҳа иазҿлымҳауп

Тҟәарчалтәи араион

10-ҩык акандидатцәа ықәнаргылеит аполитикатә партиа "Амцахара", 12 – ҩык аԥшьгаратә гәыԥ ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Витали Чачхалиа.

"Иреиҳабу акандидат 66 шықәса ихыҵуеит, иреиҵбу – 26. Ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Иҟоуп азиндырыҩцәа, аргылаҩцәа, арҵаҩцәа, абизнесуаа", - ҳәа иҳәоит иара.

Чачхалиа ишиҳәо ала, араион аҿы рыбжьы рҭиуеит хәнызқьҩык рҟынӡа.

Гал араион

Гал араион аҿы акандидатцәа рсиаҿ аԥыжәара рымоуп аполитикатә партиа "Амцхара" акандидатцәа – 11-ҩык. Иҟоуп аԥшьгаратә гәыԥкгьы ҳәа иҳәеит алхратә комиссиа ахантәаҩы Игорь Амҷба.

Иреиҵыбӡоу акандидат 32 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабу – 67. Асиа иануп ҩыџьа аҳәсагьы.

Город Гал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Гал аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа ишырзыҟаҵоу иалацәажәеит

Алхрақәа араионқәа зегьы рзы аҵакы рымоуп, аха Гал араион азы еиҳагьы иҷыдоуп, избанзар ара 2009 шықәса раахыс урҭ мҩаԥымсыцызт.

Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игор Амҷба иҳәеит 872-ҩык ауаа абжьыҭара азин шрымоу. Убри инадҳәаланы ишыӡбоу адепутатцәа рхыԥхьаӡара жәеизаҩык ҳәа ишьақәыргылазарц. Аконституциа уи азы азин ҟанаҵоит.

Ақыҭақәа рҿы иҟалоит алхырҭатә ҭыԥқәа фба, ақалақь аҿы – хәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0