Ансамбль "Амцабз" Гран-приқәа ԥшьба анашьахеит Москва афестиваль аҿы

© Foto / Facebook/Московская Абхазская диаспора Ансамбль "Амцабз" взял четыре гран-при на фестивале в Москве
Ансамбль Амцабз взял четыре гран-при на фестивале в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Аҟазарақәа рпланета" мҩаԥысит Москва, хәажәкыра 21 рзы. Ансамбль "Амцабз" хә-номерк ықәнаргылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" афестиваль "Аҟазарақәа рпланета" аноминациақәа ҩба рҿы аиааира агеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба.

Ансамбль ахәаԥшыҩцәа иднарбеит аԥсуа кәашара, аԥсуа чара кәашара, ачечен кәашара, даӷьысҭантәи аҭыԥҳацәа рыкәашара, абарабанқәа рырхәмарра. Аԥсуа кәашара актәи аҩаӡара иалауреатхеит, егьырҭ – Гран-приқәа роуит. Абас ала афестиваль аҿы ансамбль аԥхьахәқәа хәба аиуит.

"Аҳамҭанашьара ашьҭахь ажиури алахәны астол гьежь мҩаԥган. Акәашарақәа ҳрылацәажәеит, ирыгу ирыбзоу азгәаҳҭеит. Ажиури алахәылацәа руаӡәк иҳәеит – шәыкәашарақәа нымҵәондаз ҳәа срыхәаԥшуан ҳәа. Афестиваль аиҿкааҩ хаҭала дҳазнеины иҳадиныҳәалеит ҳақәгыларақәа. Ахәыҷқәа уи агәахәара ду рнаҭеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Афестиваль аҿы ицәырган аестрадатә, амилаҭтә, ацирктә коллективқәа. Зынӡа 140 номер ықәыргылан еиуеиԥшым ажанрқәа рыла.

Амцабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2019
"Амцабз" жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат иалауреатцәахеит

"Амцабз" 44-ҩык акәашаҩцәа 5 - 15 шықәса зхыҵуа роуп.

"Амцабз" – москватәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбльуп. Напхгара азиуеит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Лаша Марыхәба, еиҿкаан 2012 шықәсазы.

Афестиваль "Аҟазара адунеи" 2012 шықәса раахыс Москва, Санкт-Петербург, Калининград, Шәача, Ҟрым, Воронеж, Казань имҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0