Урыстәыла аҵарҭышагараз изышьҭаз ахаҵа Аԥсны даанкылоуп

© SputnikНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу иганахь ала агәызҩара ыҟоуп цәгара ҟазшьала аҵарҭыша игон ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа дааныркылеит 2019 шықәса лаҵара 14 раахыс Урыстәыла АЕ Ареспублика Буриатиаҿ аусҭҵааратә еилакы зыԥшаара иаҿу Амуртәи аобласт аҟны инхо, 1983 шықәса рзы ииз Алексеи Машкин ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Урыстәыла Апрокуратура хада Машкин Урыстәыла аҵакыраҿы ихәҭоу иақәыршәаразы Аԥсны Апрокуратура хада иазаанашьҭыз азыҳәа аҭак ала ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны дрырҭоит.

Машкин Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 290, ахәҭа 5 апунктқәа "б", "в" иазԥхьагәарҭо ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп (мчыла ацәгаратә ҟазшьала аҵарҭыша агара).

Хәажәкыра 13 2020 шықәсазы ахара идуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу латәарада Ареспублика Буриатиа ақалақь Улан-Уде аӡбарҭа Урыстәыла аҵакыраҿы даанкылахар ма аҳәаанырцәтә ҳәынҭқарра аҵакыраҿы даанкылахар, урыстәылаҟа данрырҭо инаркны дырбаандаҩтәуп ҳәа ақәнаҵеит.

Машкин уажәазы Аԥсны ААР ИВС аҿы дҭакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0