Аԥсны ААР изакәанмыз амаининг фермақәа русура ԥнакит

© AFP 2023 / LARS HAGBERGМайнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек
Майнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР акриптовалиута арҳаразы аус зуа аобиектқәа раарԥшразы ареидқәа мҩаԥысуеит аминистр Дмитри Дбар хаҭалатәи инапхгарала.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны ААР акоррупциа аҿагылареи аекономикатә шәарҭадареи Русбарҭа аусзуҩцәеи араионтә хадарақәа рхаҭарнакцәеи ареидтә уснагӡатәқәа ирыцырҵоит акриптовалиута арҳаразы аус зуа аобиектқәа раарԥшразы, абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Очамчыра араион Шьашьиқыҭ иаанкылоуп амаининг ферма аусура. Ахатәы ҩнаҿы аус руан 181 маининг шьақәгыла. Урҭ русура аанкылоуп, аиҭахацыркра алымшарц азы иқәгоуп афымцамч рзыназышьҭуаз атрансформатор – мегаваттк иҟаз. Иара абри ақыҭаҿы русура ԥкуп аҽа 100 шьақәгылак.

Очамчыра араион аконсервтә зауад аҿы аиҭагәаҭараан иаҿыхын 250 криптошьақәгыла.

Иара абри араион аҿы иаарԥшын амаининг фермақәа аҽа ҩба. Аҽгәара ақыҭан, уаҩ дахьахымыз аҩнаҿы иаанкылоуп 350 аппарат акриптовалиута арҳаразы.

Апресс-маҵзура иаанацҳауеит Гәылрыԥшь араион аҿы ишаанкыло ҩ-обиектк, 153 криптомашьына ахьгылаз.

Аҟәа русура аанкылоуп ҩ-обиектк. Аҟәа араион, Иашҭхәа ақыҭаҿы ахатәы акриптоферма аадырԥшит, ахархәагақәа рыхәҭак ықәыргеит. Уаанӡа иаанкылаз "афермақәа" рҿы еилагара азгәаҭам.

Аилагарақәа азгәаҭам уаанӡа аусура иаҟәыхыз 15 обиект рҿы Гагра араион аҟны. Бзыԥи Пицундеи аобиектқәа хԥа рҿы ахархәагақәа изтәыз иқәыргеит.

Аԥсны аҩныҵҟа рашәара 1 аҟынӡа азин ыҟам акриптовалиута арҳаразы аусура, иара убасгьы азин ыҟам атәылахь уи иазырхоу атауар алагалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0