Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит амилициа аҟәша иақәлаз рганахь ала

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура города Сухум
Прокуратура города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
Иахьазы имҩаԥыргоит иахәҭоу аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ацәгьа зуыз ахаҿқәа ахьыҟоу аилкаарази раанкыларази.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Гурам Анқәаб, 1987 шықәса рзы иизи Муза Мургвлиани, 1987 шықәса рзы иизи, ишьақәыргылам хаҿыки рганахь ала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Дара хараны ирыдырҵоит амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәара, закәаншьаҭада абџьари иара ахәҭақәеи, аџьаԥҳани, арԥжәагақәеи раахәара, рыҭира, рымҩангара, рныҟәгара рзы.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла 2021 шықәса хәажәкыра 7 асааҭ 03:30 рзы, Анқәаб, Мургвлиани, зхаҭара шьақәыргылам аҽаӡәы ареактивтә граната РПГ-26 ала рҽеибыҭаны Аҟәа, Аргәын имҩа аҩны №4 аҿы иҟоу Аԥсны ААР амилициа аҟәша №1 иақәлеит.

Ацәгьоуцәа убри аан ибзианы ирдыруан ахыбраҿы амчра ахаҭарнакцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡара ишаҿыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0