Хьыбла Герзмаа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акультура аусхк аҟны аԥхьахә ланашьахеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция оперной певицы Хиблы Герзмава
Пресс-конференция оперной певицы Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
Хьыбла Герзмааԥҳа – адунеи аҿы еицырдыруа оператә шәаҳәаҩуп, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ланашьоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акультура аусхк аҟны аԥхьахә ланашьахеит.

Аԥхьахә ланаршьеит "Амузыкатә ҟазара" аноминациала, Аԥсадгьыл амаҵуреи апатриотизми ридеақәа рыларҵәаразы.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от Hibla Gerzmava (@hiblagerzmava)

Хьыбла Герзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит. Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера, Шатлеии Шанз-Елизеи, Мариинтәи атеатри рҿы изныкымкәа дықәгылахьеит. 2008 шықәса рзы имҩаԥысит Лондон, Ковент Гарден аҟны лдебиут – Чаиковски иопера "Евгени Онегин" аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0